Аҟәа ахәыҷқәа рыбжьара аспорттә еицлабрақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik Томас ТхайцукАспорттә еицлабрақәа ахәыҷқәа рзы.
Аспорттә еицлабрақәа ахәыҷқәа рзы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымш Аԥсны иазгәарҭеит рашәара 1 азы.

АҞӘА, рашә 1 – Sputnik, Анжелика Бениа. Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымш иадҳәаланы аспорттә еицлабрақәа мҩаԥыргеит Аҟәа, ахәыҷтәы спорттә школ аҟны.

Аҵарадырра аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа аспорттә хәмаррақәа рымҩаԥгара ҵакыс иамоу дазааҭгылеит.

"Иахьа иазгәаҳҭо ахәыҷқәа рныҳәа – гәырӷьаратә мшуп. Ахәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара раҳҭар ҳҭахын. Ахәыҷқәа ишрызкугьы, арҭ аицлабрақәа уанрылахәу агәалаҟазаара бзиа урҭоит", – лҳәеит Адлеиԥҳа.

Аспорттә хәмаррақәа рхы рыладырхәит Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа 12.

Ахәыҷқәа рзы имҩаԥган еиуеиԥшым аицлабрақәа. Аспортсмен хәыҷқәа ыҩуан, иԥон, "ахәмарга-ҽаҩра ҭаргалон".

Ахәыҷбаҳча "Алиас" агәыԥ иалахәыз аспортсмен қәыԥш Нестор Ашәба еицырдыруа аолимпиатә хәмарҩы Усеин Болт иеиԥш ирласны дыҩларц шиҭаху ҳаиҳәеит.

"Ҳкоманда егьырҭ рассҭа иласын. Сара Усеин Болт иеиԥш ирласны аҩшьа сҵар сҭахуп. Иара иеиԥш сҟалар сҭахуп", – иҳәеит Ашәба.

Аицлабрақәа рышьҭахь ахәыҷқәа ирызшан аҳамҭақәа. Анаҩс, маҷк иааԥсаз аҭаацәеи макьана зымчқәа ҭаз ахәыҷқәеи еиманы Аҳәынҭқарратә филармониахь инеит "Арлекино" ахәаԥшра.

Ажәабжьқәа зегьы
0