Ашәҟәыҩҩы Еҭери Басариаԥҳа диижьҭи 66 шықәса ҵит

© фото из личного архива Этери БасарияЭтери Басариаԥҳа.
Этери Басариаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Короленкои, Николаи Гогольи рыхьӡ зху апремиақәа рлауреат Еҭери Басариаԥҳа лыԥсы ҭазҭгьы иахьа 66 шықәса лхыҵуан.

АҞӘА, рашә 3 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Еҭери Басариаԥҳа диижьҭеи 66 шықәса ҵит.

Еҭери Басариаԥҳа диит 1949 шықәса, лаҵара 3 рзы, Кәтол ақыҭан. 1972 шықәсазы Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет ажурналистика афакультет далгеит, 1973 шықәсазы Алитературатә институт. 1973 шықәса инаркны Басариа Киев дынхон агазеҭ "Правда Украины" акультура аҟәша дахагылан.

"Еҭери Басариаԥҳа 63 шықәса шылхыҵуаз лдунеи лыԥсахит, макьана иҵегьы иҟалҵашаз рацәан, аха уи илҭынхеит шәҟәгәарҭак, дылҭынхеит аҵеи, иара убас амоҭа, инлыжьит ахьӡ-аԥша. Ажәҩан зшоу аԥсаатә рзы ауп, арҿиаҩы – еиҵагылоу абиԥара рзы, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы. Ҳарҭ, Еҭери ибзианы дыздыруаз, акыраамҭа ҳлымҳа иҭыҩлап даҽакы иаламҩашьоз лыччабжь ҳаракы, лыччабжь гәыкы", –Екатерина Бебиа.

Раԥхьатәи Еҭери Басариа лҩымҭа агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" ианылеит, усҟан лара ашкол дҭан. Лҟазаратә мҩа хацзыркыз акәны иԥхьаӡоуп ажәабжь "Балагур" 1969 шықәсазы ажурнал "Юность" ианылаз.

"Еҭери Басариа афундаменталтә ҵара лыман, МСГУ афилологиатә факультет далгахьан, алитератураҭҵааҩык лахасабала, даара иҵаулаз ҭҵааҩын. Иссируп, зеиҧш ыҟам роуп Даур Занҭариа, Витали Амаршьан, Иуа Когониа ирызкны илкьыҧхьыз астатиақәа. Аха лара зегь раҧхьаӡа дышәҟәыҩҩын. Асоветтә аамҭазы уи шықәсык ҩба-хҧа ҩымҭа аҧылҵон, ақәҿыҭра бзиагьы рыман аурыс шәҟәыҩҩцәа рыбжьара. Украина иналукааша шәҟәыҩҩны дрыҧхьаӡон. Лҩымҭақәа шамахамзар зегьы зызкыз Аҧсны акәын. Аха уи ллитература ҧҳәыс литературам, Алитература иашаҵәҟьа ауп. Зегь аҧсҭазаара иалхуп, лҟазшьа цәгьа ибзианы ианыҧшуеит Иавтобиографиатәу акыр ирацәоуп. Лыҧсабара аҵаулара, лдоуха абеиара, лгәыҭбаара, лиашара, лыцқьара зегь бзианы ианыҧшуеит. Ашәҟәыҩҩы иҟазшьа ииҩуа ианымыҧшыр ҟалаӡом ианакәзаалак. Еҭери даара имаҷны инылҵит, аҵыхәтәантәи лҩымҭақәа рҿы иубоит уи зынӡа даҽа ҩаӡарак дшазнеиуаз, еиҳа-еиҳа ишыҵаулахоз лыҩныҵҟатәи лдунеи, аҧсҭазаараҿы илоуз аҧышәа лырҿиара аҩаӡара ҳанаркит, аха аамҭа лмоуит уи иҵегьы агәылыршәаразы. Иҟалҵаз, дзыхьӡаз даара акраҵанакуеит ҳара ҳзы. Уи аурысшәала иҩу аҧсуа литературоуп.Сара сзы акәзар, Еҭери лаҟара исзааигәаз уаҩы дсымамызт, уи лыҧсра сыбжа сымнахит, иахьа уажәраанӡагьы сзанымшәацт", – лгәалашәарақәа ҳациҩылшеит Светлана Корсаиа.

© Из личного архива Этери БасарияЭтери Басария. Архивное фото.
Этери Басария. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Этери Басария. Архивное фото.

Еҭери Басариаԥҳа акыраамҭа Аԥсны дышнымхозгьы, гәыла лыԥсадгьыл дадҳәалан, ҳәа азгәеиҭеит апоет Алхас Чхамалиа.

"Акыр шықәса Аԥсны дышнымхозгьы, еснагь лыԥсы аҽҳәаран лыԥсадгьыл, еснагь игәхьаалгон. Уи атәы лҳәон Крым, Кокотебель ақалақь аҟны ҳанеицәажәоз. Уи аныԥшит лырҿиарагьы, иаҳҳәап ароман "Взгляд поверх ворот, выходящих на луг" азкуп аԥсуа аԥҳәызба лыԥсҭазаара, аперсонажцәа зегьы  аԥсыуаауп. Ари даара акраҵанакуеит. Лара урысшәала акәын дшыҩуаз, аха илыҩуаз аԥсышәан уҳәар ҟалоит", – иҳәеит апоет Алхас Чхамалиа.

Еҭери Басариаԥҳа абарҭ ашәыҟәқәа дравторуп: "Птицам — небо" (1975), "На нашей стороне" (1977), "Великан и дельфин" (1979), "Первые километры" (1980), "Реджеб и его родичи" (1982), "Взгляд поверх ворот, выходящих на луг"  (1985), "И говорили они до утра" (1986), "Щадящий режим" (1988), "Дыдын и Мыдын (1988), "На перекрестке" (1989), "Нар" (1990), "Ги во владениях Обра" (2004).

Еҭери Басариаԥҳа Украина Амилаҭтә шәҟәыҩҩцәа реизара далахәылоуп, 1999 шықәсазы Владимир Короленко ихьӡ зху апремиала лҟазара алкаан, иара убас 2008 шықәсазы ароман ”Неправильный треугольник” азы Гоголь ипремиа ланашьан.

Еҭери Басариаԥҳа лыԥсҭазаара далҵит ачымазара бааԥсы иахҟьаны, 2013 шықәса, лаҵара 13 рзы, 63 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0