Аԥсныҟа иаагахоит арентгенаппарат ҿыцқәа

© Sputnik /Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа. Архивтә фото.
Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы анҵәамҭаз Аԥсныҟа иаагахоит амедицинатә техника ҿыц, ахәышәтәырҭақәа рыҟны нанҳәа 10 ианркны иқәдыргылоит.

АҞӘА, рашә 5 — Sputnik. 2015 шықәса ԥхынгәы анҵәамҭазы Аԥсныҟа иаагазаауеит арентген аппарат ҿыцқәа, урҭ урыстәылатәи аинвестициатә программа ҿыц иақәыршәаны иҳауит, иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов. Ари ажәабжь аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аинформациатә технологиақәа рыҟәша.

"Истандарттәу арентген аппаратқәа фба рыда, иааҳхәеит афлиуорографиатә аппаратқәа хԥа, амаммографқәа ҩба (акы стационартәуп, егьы еиҭаҵуеит), еиҭаҵуа апалататә рентгенқәа хԥа, иара убас ашәахәақәырԥхага алашаратә терапиа аҟны рхы иадырхәо. Афлиурографи арентгени иахьҭагылоу еиҭаҵуа амодуль урҭ ирхыԥхьаӡаламкәа", – иҳәеит аминистр.

Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны, амедициантә техника ԥхасҭахар, хымш ирҭагӡаны ариашаразы аҿҳәара амоуп.

"Амедицианатә еибыҭара ааха ахьыр, ԥыхьеиԥш шықәсыла игылазар ҟалаӡом. Уи ҳара ҳзы даара ихәарҭоуп, – азгәеиҭеит Гоов.

Атехника ҿыц аԥхынра анҵәамҭаз аҳҭнықалақь адагьы араионтә медицинатә хыбрақәа рыҟны аус рулоит. Арентгенаппаратқәа рылшара дууп, ацифратәи аналогтәи арежимқәа рыла аус руоит.

Андзор Гоов иажәақәа рыла, анаҩс агәабзиарахьчара аминистрра атехникатә еибыҭара азҵаарақәа ирлас ирыӡбалоит, иара убас зхаҭабзиара ҳараку, хәмариала амедицинатә техника Урыстәыла адагьы аҳәаанырцә иаархәалоит ҳәа ациҵеит.  

Ажәабжьқәа зегьы
0