00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Исахьарку ажәа
13:26
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Абна бызшәа: Адгәыр Гәынба Афонҿыцтәи афестиваль аҿы алекциа даԥхьеит
13:45
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Турбаза
Как совместить работу и отпуск в Абхазии: разговор с экспертом
14:21
5 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
История, традиция, народная музыка и культура: разговор с организаторами Ldzaa Fest
14:44
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Жәлар реилазаара адепутатцәа рхыԥхьаӡара 45-ҩык рҟынӡа еизҳар алшоит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара
Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконституциатә реформазы иаԥҵоу акомисии аилатәараан атәыла Апарламент ахь алхратә система аиӷьтәра иалацәажәеит.

АҞӘА, рашә 5 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аконституциатә реформазы Акомиссиа аилатәараан Жәлар Реизара адепутатцәа рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынтәи 45-ҩыҟ рҟынӡа реизырҳара атәы иалацәажәеит.

Аконституциатә реформазы акомиссиа алахәыла, Аконституциа ахь ариашарақәа ралагаларазы аусуратә гәыԥ ахада "Жәлар Реизара-Аԥсны Аҳәынҭқарра ахыԥхьаӡаратә еилазаара" Валери Агрба иазгәеиҭеит адепутатцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара Апарламент ахь алхра амажоритартә аҟынтә еилаԥсоу асистема ахь аиасра иадҳәалоуп ҳәа.

"Изныкымкәа исаҳахьеит ауаажәлар ареформақәа негативла ишазыҟоу атәы, аха ареформақәа рыда ԥсыхәа ҳамаӡам. Шәааи ҳазхәыцп уи аусура шышьақәыргылатәу", – иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Акомиссиа алахәыла Ныгәзар Ашәба Аконституциа аҟны ариашарақәа дышрыдгыло ааирԥшит, аха иазгәеиҭеит еилаԥсоу асистемахь аиасразы адепутатцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара адагьы иҟалоит ҳәа. Ашәба иажәақәа рыла, адепутатцәа рхыԥхьаӡара 36-ҩык рҟынӡа инаӡар алшоит, 18-ҩык адепутатцәа аможоритартә системала иалху, иара убас 18-ҩык – апропорцианалтә.

Иара убас, Ныгәзар Ашәба игәаанагарала, адепутатцәа рхыԥхьаӡара аизҳара атәыла абиуџьеҭ азы ихәарҭам усуп.

Ахада иусбарҭа раԥхьатәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба иазгәеиҭеит еилаԥсоу асистема ихарҭәаам асистема агхақәа ханарҭәаауеит ҳәа.

Акомиссиа алахәыла Ҭамаз Қьецба иазгәеиҭеит апарламент зхатә политикатә идеологиа змоу аполитикатә партиа алархәны ишышьақәыргылатәу, уи абзоурала Апарламент аҟны зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку адепутатцәа рхыԥхьаӡара еизҳауеит.

Аконституциатә реформа иазку акомиисиа алахәылацәа иааидкыланы Аконституциа арҿыцраҟны Жәлар Реизарахь адепутатцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара аидеиа иадгылеит.

"Иахьатәи аизара иалҵшәахеит ареформақәа реиҿкаара ада ԥсыхәа шҳамам аилкаара. Ари аиԥылара алҵшәақәа схы иархәаны Апарламенгт ахь ишьҭызаауеит аматериал, уаҟа аиҿцәажәареи, аӡбареи рыпроцессқәа алагароуп. Апарламент аусура иалагароуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аконституциатә комиссиа еиҿкаан 2015 шықәса ажьырныҳәа 22, ахада Иусԥҟала. Акоммисиа аԥҵан Аконституциахь арҿыцрақәа аҳәынҭқарратә мчрақәеи аҭыԥантәи ахадарақәеи ареформақәа рзуразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0