Ҭырқәтәылатәи алира ахә лаҟәит апарламенттә алхрақәа анымҩаԥыс ашьҭахь

© AFP 2023 / MUSTAFA OZERҬырқәтәылатәи алира. Архивтә фото.
Ҭырқәтәылатәи алира. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа иазгәарҭоит ҭырқәтәылатәи алира алаҟәра атәыла апарламент ахь имҩаԥысуаз алхрақәа рылҵшәақәа ирыдҳәалоуп ҳәа. Арҭ алхрақәа раан, 13 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны аԥхьагылара змаз партиа апарламент аҟны абжеиҳара ацәыӡит.

АҞӘА, лаҵ 8 — Sputnik. Сҭампылтәи афондтә биржа иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ҭырқәтәылатәи амилаҭтә валиута аҭоурыхтә еиҵара  — долларк азы 2,75 лира аныршәо ацәаҳәаҟынӡа илаҟәит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аекспертцәа иазгәарҭоит ҭырқәтәылатәи алира алаҟәра атәыла апарламент ахь имҩаԥысуаз алхрақәа рылҵшәақәа ирыдҳәалоуп ҳәа. Арҭ алхрақәа раан, 13 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны аԥхьагылара змаз партиа апарламент аҟны абжеиҳара ацәыӡит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, 100% абиуллетенқәа анырыԥхьаӡа ашьҭахь, 40,8% алхыҩцәа рбыжьқәеи апарламент аҟны 256 ҭыԥи аиуит анапхгараҟны иҟоу, иахырҟьацәам аконсервативтә аиашареи аҿиареи Рпартиа, Абжьарацентртә Жәлар-рреспубликатә партиа – 25,2% 133 ҭыԥи, Амилаҭтә ҵысра апартиа — 16,5%  83 ҭыԥи, акурдқәа ирыдгыло Жәлар-рдемократиатә партиа – 12,9%  78 ҭыԥи.

Ажәабжьқәа зегьы
0