Санчартәи акаҵәараҟны амемориалтә ӷәы ықәыргылахоит

© Фото : Тенгиз ТарбаСанчарский перевал. Архивное фото.
Санчарский перевал. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкны Санчаратәи акаҵәараҟны иқәыргылахоит амемориалтә ӷәы.

АҞӘА, рашә 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рашәара 22 аҽны имҩаԥгахоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкны Санчаратәи акаҵәараҟны  амемориалтә ӷәы ақәыргылара акциа ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" автор Ҭенгиз Ҭарба.

"Ҳара иҳагәҭакуп амашьынақәа рыла Ԥсҳәытәи ашьхакаҵәараҟынӡа анеира, уи ашьҭахь аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҳәаахьшьцәеи ҳацырхырааны ҩадаҟа, санчаратәи ашьхахыҵырҭаҟынӡа ҳнеины амемориалтә ӷәы ақәыргылара, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ргәалашәара иашьананы", — иҳәеит апроект автор Ҭенгиз Ҭарба.

Иара иазгәеиҭеит акциа ишагәҭаку Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ргәалашәара амырӡра.

"Ҳара ҳадгьылҵакыраҟынгьы аибашьрақәа шцоз атәы аӡәырҩы ирхашҭхьеит. Уажәы, аентузиастцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи "Ишьхаркыроу Аԥсны" афонди реицхыраарала адунеи иагәалаҳаршәар ҳҭахуп арҭ ахҭысқәа. Ҳара ишаадыруала арҭ аҭыԥқәа рҟны иҭахеит 20 000 инадыркны 40 000 ҩык рҟынӡа ҳаруаа. Ари ахыԥхьаӡара акыр идууп", — азгәеиҭеит Ҭ. Ҭарба.

Иара еиҭахгьы иҳәеит агәыԥ уахь ацара ишазыхиоу аха аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны макьаназ ахалара шалымшо, ишыӡбо акциа аибашьра ианалагаз амш аҽны ихацдыркырц.

Акциа мҩаԥгахоит Аԥсны Ахада идгыларала, ЗҲәА "Аҟәафони", Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҭԥҵаарадыррақәа ракадемиеи, Аԥсны АҶА рыцхыраарала.

Агәыԥ иалахәхоит Абӷархықә ақыҭа иалиааз алеитенант, аибашьҩы Шамиль Шамба иуацәа. Иара дҭахеит 1942 шықәса сентиабр мза 18 рзы Санчаратәи акаҵәараҟны.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкны Санчаратәи акаҵәараҟны  амемориалтә ӷәы ақәыргылара акциа мҩаԥнагоит афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны".

© Фото : Тенгиз ТарбаМемориальная доска в память о воинах, погибших во время Великой Отечественной войны
Мемориальная доска в память о воинах, погибших во время Великой Отечественной войны - Sputnik Аҧсны
Мемориальная доска в память о воинах, погибших во время Великой Отечественной войны

 

Ажәабжьқәа зегьы
0