Драндатәи ижәытәӡоу аепископцәа ртәарҭа

Анапаҵаҩра
Афбатәи ашәышықәса абаҟа – Драндатәи ауахәама.

Азеижәтәи ашәышықәсазы аҭоурыхдырыҩцәа агәаанагара рыман ауахәама ажәеизатәи ашәышықәса мамзаргьы аабатәии ажәабатәии ашәышықәсақәа рзы иргылан ҳәа. 1970 шықәса рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан ахыб хыхьтәи ахәҭаҟны ирбеит 30 рҟынӡа макьаҭ. Асеиԥш иҟаз аметод ахархәара ажәытәтәи аргылаҩцәа иҟарҵон  аконструкциа акапан еиҳа имаҷхарц азы. Амакьаҭқәа рыҭҵаара иалнаршеит ауахәама афбатәии абыжьбатәии ашәышықәсақәа рзы ишыргылаз.

Архитектуратә ҟазшьақәеи адәахьтәи аԥшреи рыла ауахәама Кавказ иахьаҵанакуа иргылоу адинҟазшьа змоу ахыбрақәа иреиԥшым. Иара – заатәи византиатәи  архитекттурахь иаҵадыркуеит. Ус шакәуггьы иҟоуп аҟазшьа ҷыдақәа – арҭ ахыбрақәа рыклассикатә вариант аҟны акупол ала ихыркәшо абарабан аркақәа рыла иеидҳәалоу ашьаҟақәа ирықәууп. Драндатәи ауахәама акупол аизакырақәа ирықәуп. Урҭ рыӷәӷәароуп иахьанӡагьы ауахәама еиқәырханы измоу.

© Sputnik Илона ХварцкияДранда ақыҭа, аҩадатәи ахәҭаҟны, Кәыдры аӡиас арӷьарахьтәи аҟәараҟны игылоуп заатәи Византиа архитектура иаҵанакуа Драндатәи ауахәама.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
1/11
Дранда ақыҭа, аҩадатәи ахәҭаҟны, Кәыдры аӡиас арӷьарахьтәи аҟәараҟны игылоуп заатәи Византиа архитектура иаҵанакуа Драндатәи ауахәама.
© Sputnik / Илона ХварцкияАбжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Дранда аепископцәа ртәарҭа акәны иҟан.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
2/11
Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Дранда аепископцәа ртәарҭа акәны иҟан.
© Sputnik Илона ХварцкияИиашаҵәҟьаны ауахәама андыргылаз арыцхә еилкаахеит 1970 шықәса рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан, ахыб хыхьтәи ахәҭаҟны 30 рҟынӡа макьаҭ анырба ашьҭахь.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
3/11
Ииашаҵәҟьаны ауахәама андыргылаз арыцхә еилкаахеит 1970 шықәса рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан, ахыб хыхьтәи ахәҭаҟны 30 рҟынӡа макьаҭ анырба ашьҭахь.
© Sputnik Илона ХварцкияАуахәама ашьаҭа ада хаҳәла еиқәҵоуп, иргылоуп иблу ақьырмыт ала, ахаҳә дуқәа бжьаҵаны.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
4/11
Ауахәама ашьаҭа ада хаҳәла еиқәҵоуп, иргылоуп иблу ақьырмыт ала, ахаҳә дуқәа бжьаҵаны.
© Sputnik Илона Хварцкия1846 шықәса рзы агазеҭ "Кавказ" аҟны ианылеит Дранда инеины избаз Саблин истатиа ду. Усҟантәи аамҭазы ауахәамаҟны макьанагьы иубон аҭыӡсахьақәа. "Зегь раасҭа иубартәы иҟан Аԥаимбар Михаил исахьа – мраҭашәаратәи ашәқәа рааигәара, Аԥшьа Нил исахьа – аҩадатәи ахәҭаҟны, аладатәи ахәҭаҟны – ажәабжь бзиа ааҩра асахьа.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
5/11
1846 шықәса рзы агазеҭ "Кавказ" аҟны ианылеит Дранда инеины избаз Саблин истатиа ду. Усҟантәи аамҭазы ауахәамаҟны макьанагьы иубон аҭыӡсахьақәа. "Зегь раасҭа иубартәы иҟан Аԥаимбар Михаил исахьа – мраҭашәаратәи ашәқәа рааигәара, Аԥшьа Нил исахьа – аҩадатәи ахәҭаҟны, аладатәи ахәҭаҟны – ажәабжь бзиа ааҩра асахьа.
© Sputnik Илона ХварцкияАурыс-аҭырқәа еибашьра 1877-1878шш. рзы ауахәама амца акит, ахыбра абжеи аҵыхәтәантәи аҭыӡсахьақәеи блит.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
6/11
Аурыс-аҭырқәа еибашьра 1877-1878шш. рзы ауахәама амца акит, ахыбра абжеи аҵыхәтәантәи аҭыӡсахьақәеи блит.
© Sputnik Илона Хварцкия80-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы ауахәама аҭыԥаҟны афонтәи амонахцәа ишьаҭадыркит Драндатәи ахацәа рберҭыԥ.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
7/11
80-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы ауахәама аҭыԥаҟны афонтәи амонахцәа ишьаҭадыркит Драндатәи ахацәа рберҭыԥ.
© Sputnik Илона Хварцкия1917 шықәсазы ауахәама аҵакырадгьыл иахьаҵанакуаз иҟан атипографиа, ашәҟәыҭирҭа, аԥсыжырҭа, акрыфарҭа, ауахәама акорпусқәа, асасааирҭақәа, ахәышәтәырҭақәа, аӡәӡәарҭа. Ихацыркын ашәырҭрақәеи аӡахәаҭрақәеи.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
8/11
1917 шықәсазы ауахәама аҵакырадгьыл иахьаҵанакуаз иҟан атипографиа, ашәҟәыҭирҭа, аԥсыжырҭа, акрыфарҭа, ауахәама акорпусқәа, асасааирҭақәа, ахәышәтәырҭақәа, аӡәӡәарҭа. Ихацыркын ашәырҭрақәеи аӡахәаҭрақәеи.
© Sputnik Илона Хварцкия1924 шықәса рзы Аҟәатәи аепархиа иаҵанакуаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи еимҵәан, иагьаркын. Драндатәи ауахәама адгьылқәагьы аколхозқәа ирыҭан, ахыбрақәа административтә усҳәарҭақәас иҟаҵан.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
9/11
1924 шықәса рзы Аҟәатәи аепархиа иаҵанакуаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи еимҵәан, иагьаркын. Драндатәи ауахәама адгьылқәагьы аколхозқәа ирыҭан, ахыбрақәа административтә усҳәарҭақәас иҟаҵан.
© Sputnik Илона ХварцкияИахьазы Драндатәи ауахәама, аиашахаҵара ақырсианцәа еиҳарак изҭаауа аҭыԥ ԥшьақәа иреиуоуп. Араҟа имҩаԥысуеит анцәа имҵаныҳәара.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
10/11
Иахьазы Драндатәи ауахәама, аиашахаҵара ақырсианцәа еиҳарак изҭаауа аҭыԥ ԥшьақәа иреиуоуп. Араҟа имҩаԥысуеит анцәа имҵаныҳәара.
© Sputnik Илона ХварцкияАуахәама аплан ааизакны агәҭаҟны аргьыжь зҭаҩу аџьар аԥшра амоуп.
Храм Дранда. - Sputnik Аҧсны
11/11
Ауахәама аплан ааизакны агәҭаҟны аргьыжь зҭаҩу аџьар аԥшра амоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0