Ашәаҳәаратә гәыԥ "Анасыԥ" Маиҟәаԥтәи афестиваль иалахәхеит

© Sputnik / Виктор Чернов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайкопские школьники. Архивное фото.
Майкопские школьники. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль иалахәыз ахәыҷқәа рхы ԥыршәон амилаҭтә инструментқәа рарҳәараҿы, ашәаҳәараҿы, ажәеинраала аԥхьараҿы. Зҽалызкааз аҳамҭақәеи, аҳаҭыртә хьӡқәеи ранашьан.

АҞӘА, рашә 17 — Sputnik, Cырма Ашәԥҳа. Ааигәа еиҿкааз ахәыҷтәы ашәаҳәаратә гәыԥ "Анасыԥ" ааԥхьара  аманы иқәгылеит рашәарамза 12-14 рыбжьара Адыгатәыла, Маиҟәаԥ ақалақь аҟны имҩаԥысуаз VII-тәи жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль. Агәыԥ напхгара азылуеит ашәаҳәаҩ Аида Маланӡиаԥҳа.

Афестиваль рхы аладырҳәит быжь-ҳәынҭқаррак:  Аԥсны,  Украина, Молдова, Калмыкиа, Сириа, Румыниа, Адыгатәыла.  Иара еихшан хыхәҭакны.

Актәи амш аҽны, Маиҟәаԥ амилаҭтә музеи аԥхьа еизаз асасцәа идырбан адыга жәлар рмилаҭтә культура.  Аԥшәмацәа рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы асасцәа ирԥылеит.  Ауха, Нхыҵ-Кавказ еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа злахәыз  аконцерт еиҿкаан.

Аҩбатәи амш аҽны имҩаԥысит афестиваль официалла аартра. Адыга жәлар рҟазара ацентр аиҳабы, афестиваль аиҿкаара апроект анапхгаҩы Амирбеи Кәулов, еизаз зегьы рбара деигәырӷьауа, аныҳәа ааиртит.

"Адыгатәыла имҩаԥысуа ахәыҷтәы фестиваль аныҳәақәа ирныҳәоуп. Зхы алазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳара ҳхықәкы – адунеи иқәынхо ахәыҷқәа зегьы абзиабара, аиҩызара рыбжьаҵара, реидкылар ауп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп урҭ аԥеиԥш бзиа роурц азы!" – иҳәеит Кәулов.

Аныҳәатә фестиваль иалахәыз Адыгатәыла акультура аминистр Муҳаммед Кәулов иқәгылараҿы иазгәеиҭеит акультурақәа ремдара ҵакыс иамоу.

"Ажәларқәа ркультура аимдара, аӡыргара, насгьы ахәыҷқәа реибабара аҵакы ӷәӷәа амоуп.  Атәым ҳәынҭқаррақәа  рҟынтә иаҳҭааз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа  шәаҳҳәоит. Сгәы иаанагоит афестиваль қәҿиарала имҩаԥысып, ахәыҷқәа рныҳәа ргәаԥхап  ҳәа", — иҳәеит иара.

Афестиваль иалахәыз ахәыҷқәа рхы ԥыршәон амилаҭтә инструментқәа рарҳәараҿы, ашәаҳәараҿы, ажәеинраала аԥхьараҿы. Зҽалызкааз аҳамҭақәеи,  аҳаҭыртә хьӡқәеи  ранашьан. Афестиваль Аԥснынтә иалахәын хәҩык ахәыҷқәа: Ирена Қәаранӡиаԥҳа, Асхад Воуба, Сарида Ҵәыџьԥҳа, Есма Адлеиԥҳа, Алан Чамлар.  Аԥснынтә ажиури иалахәыз,  Аԥсны жәлар рартист, акомпазитор Оҭар Хәынҵариа ахәыҷқәа рықәгылара ахә ҳаракны ишьеит.

"Сара изныкымкәа Аԥсны анҭыҵ афестивальқәа схы рыласырхәхьеит.  Ахәыҷқәа шаҟа еибабо, еигәныҩуа аҟара, убриаҟара аԥышәа еимырдоит.  Ирбо ираҳауа рацәоуп, рҟазара аизҳара иацхыраагӡахоит. Ари ныҳәоуп. Аԥхьаҟа хымԥада иацҵатәуп", –ҳәа азгәеиҭоит Хәынҵариа.

Афестиваль ахԥатәи амш аҽны, уи иалахәыз зегьы рмилаҭтә маҭәақәа рышәҵаны, Маиҟәаԥ ақалақь шьапыла иалсит.

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаДетский ансамбль "Анасыԥ"
Детский ансамбль Анасыԥ - Sputnik Аҧсны
Детский ансамбль "Анасыԥ"

Ажәабжьқәа зегьы
0