00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Sputnik Аԥсны Telegram-канал иахыҵит шықәсык
18:20
14 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
18:33
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
On air
18:49
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иҭацәыз Ҭҟәарчал араион аҳаблақәа рҿы инхо: аиҳабыра ҳара ҳархашҭит

© Sputnik Илона ХварцкияИҭацәыз Ҭҟәалчал араион аҳаблақәа рҿы инхо: аиҳабыра ҳара ҳархашҭит
Иҭацәыз Ҭҟәалчал араион аҳаблақәа рҿы инхо: аиҳабыра ҳара ҳархашҭит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭҟәарчал араион ахара ишьҭоу аҳаблақәа Џьанҭоу, Аҟармара, рҿы инхо ҭаацәарақәак роуп, урҭ рахьтә иҟоуп ахәыҷқәа ахьырацәоу.

АҞӘА, рашә 20 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь  Ҭҟәарчал араион ахара ишьҭоу аҳаблақәа Џьанҭоу, Аҟармара, рҿы инхаз ҭаацәарақәак роуп. Уаҟа есааира аргыларақәа аилаҳара иаҿуп, ауааԥсыра изларылшо ала анхара иаҿуп.

Џьанҭоу аҳаблаҿы инхоит ахәыҷқәа рацәаны измоу ҩ-ҭаацәарак, урҭ рҟны ирызҳауеит џьара хәҩык џьара фҩык ахылҵ. Зегь реиҳа урҭ ирзааигәоу ашкол Ҭҟәарчал иҟоуп, уаанӡа 18 ктлометр иназынаԥшуа ибжьоуп. Аҵарашықәс азы, ахәыҷқәа рзы ашьыжьи ахәылбаҽхеи автобус бжьоуп.

"Сыԥшәма аус иуеит "Ҭҟәарчаларацәа" аҟы, уи азы ара ҳаанхеит. Ҳхәыҷқәа Ҭҟәарчал ашкол ахь иныҟәоит, ахәаахәырҭақәеи, аџьармыкьеи ара иҟам, иара убас ахәыҷбаҳчақәагьы, ахәыҷқәа хәмаруеит еилаҳахьоу аҩнқәа рҟны", еиҭалҳәеит Џьанҭоу аҳаблаҿ инхо аԥҳәыс.

Уи лажәақәа рыла, уаанӡа аҳаблаҿы аԥсҭазаара еилашуан, аус ауан акиноклуб.

"Аибашьра ҟалаанӡа араҟа милаҭла еиуеиԥшым ауаа рацәаны инхон, ашахтаҿы аус руан. Араҟа акинотеатргьы ҳаман, актәи аетажқәа рҟны ашәҟәыҭирҭакәа ыҟан, аус руан ашколи ахәыҷбаҳчеи. Уажәы араҟа аҩнқәа зегь еилаҳаит, урҭ ақьырмытқәа амырхуеит. Аҳәынҭқарра ҳара ҳархашҭит", — азгәалҭеит уи.

Аҳаблақәа Џьанҭоуи Аҟармареи рахь мчыбжьык ала ҩынтә автобус неиуеит, уи Ҭҟәарчалынӡа ицоит. Уи ауп алшара ҟазҵо аҳақьымиахь ма аџьармыкьахь ауааԥсыра анеира рылзыршо, рҳәеит икҿахаз аҳаблақәа рҿы инхо ауаа.


Ажәабжьқәа зегьы
0