Дифа Габниаԥҳа: Аԥсни Нхыҵ-Кавкази рҿар реизааигәатәра аҭахуп

© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәДифа Габниаԥҳа. Архивтә фото.
Дифа Габниаԥҳа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҿыц иаԥҵоу ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсни Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҿы арҿиара знапы алаку аҿар реидгыла "Ацҳа" аиҳабы Дифа Габниаԥҳа далацәажәеит аиҿкаара аусуреи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсни Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҿы арҿиара знапы алаку аҿар реидгыла "Ацҳа" аиҳабы Дифа Габниаԥҳа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аиҿкаара аԥҵара хықәкыс иамоу атәы. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Бадраҟ Аҩӡба.

— Ҿыц иаԥҵоу ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсни Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҿы арҿиара знапы алаку аҿар реидгыла "Ацҳа" уснагӡатәқәас аҿаԥхьа иқәнаргылои?

— Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсни Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи рҿы арҿиара знапы алаку аҿар реидгыла "Ацҳа" аҿаԥхьа иқәнаргыло ауснагӡатәқәа даараӡа ирацәоуп. Аидгыла арҿиара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусура агәы иҭоуп: апоезиа, апроза, асахьаҭыхра, акәашара, ашәаҳәара уҳәа. Аидгыла иалалар рылшоит 18 шықәса зхыҵу инаиркны 35 шықәса зхыҵуа иҿынӡа. Убас, аҿар реидгыла "Ацҳа" ҳаҭыр зқәу алахәылацәа ракәны иалаҵахоит аиҳабыратә беиԥара ахаҭарнакцәа.

—  "Ацҳа" аԥҵара агәҭакы анбацәырҵ, насгьы мзызқәас иамази?

— Аҿар реидгыла "Ацҳа" аԥҵаразы азҵаара цәырҵит аҵыхәтәантәи ашықәс азы. Ҩышықәса раԥхьа Ҟабарда-Балҟартәи Ареспублика аҟны ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа еидызкыло алитературатә клуб "Жан" ахантәаҩы Зарина Ҟаныҟәеи афолькорист Дыжен Чуреи рыбзоурала Аԥснытәи гәыԥҩык аҿар уахь ҳнаԥхьан. Уаҟа ҳрылахәын апоезиатә хәылԥазқәа. Рхатәы жеинраалақәа рыла ҳашьцәа рҿаԥхьа иқәгылеит апоетцәа ҿарацәа: Абзагәа Ҟалӷьы, Алхас Қаԥшь. Усҟантәи аиԥыларақәа ирылҵшәахеит анаҩстәи ҳаимадара. Убас аимадарақәа ҳабжьаҳҵеит Ҟарачы-Черкесстәи аҿари ҳареи. Ҳарҿиаратә еиԥыларақәа ирылҵшәахеит аидгыла аԥҵарагьы. Аҿар реидгыла "Ацҳа" ацентр Аԥсны иҟоуп, ахаҭарнакрақәа аартуп Маиҟәаԥ, Нальчик, Черкесск. 

—  Шәышԥахәаԥшуа иахьа Аԥсни Нхыҵ-Кавкази арҿиара знапы алаку аҿар реимадара?

— Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи Аԥсни ианакәызаалак аимадара бзиа рыбжьоуп, жәларык ирхылҵыз ҳауп зегьы. Убри аҟнытә, ҳәарада иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа еснагь аԥхарра рыҵоуп. Иахьатәила иаҳҳәозар аҭагылазаашьа цәгьам, иҵегь еиӷьындаз ҳәа азуҳаратәы ишыҟоугьы. Избанзар, еибадыруа аҿар, еиҳарак арҿиара знапы алаку, рхыԥхьаӡара рацәам. 

—  Аиҿкаара имҩаԥнагахьоу, насгьы ааигәа имҩаԥнагараны иҟоу иарбан усхкқәоу?

— Аҿар реидгыла "Ацҳа" аамҭа кьаҿк ала имҩаԥнагахьоу аусқәа рҟнытә зегь реиҳа ихадоуп Ҟабарда-Балҟартәи Жәлар рпоет Зарина Ҟаныҟәа лпоезиатә хәылԥазы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны амҩаԥгара ахьалыршахаз. Уи ашьҭахь аидгыла ахаҭарнакцәа алахәын амҳаџьыраа рымш агәаларшәаразы Нальчик ақалақь аҟны инагӡаз аусмҩаԥгатәқәа.

Ҳазҭоу ашықәс азы аплан аҿы иарбаны иҳамоуп абаза поет Лариса Шебзухова лырҿиаратә хәылԥазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны амҩаԥгара; абҵарамзазы ААУ аректорат ацхыраара ала имҩаԥгахоит Владислав Арӡынба диижьҭеи 70-шықәса инадҳәаланы Жәларбжьаратәи аҿар рыҭҵаара-дырратә конференциа. Арахь ааԥхьара рымоуп Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи аҭҵаара-дырра знапы алаку аҿар. Агәаанагара ҳамоуп адгылара ҳауп ҳәа аиҳабыра рҟынтәи, иара убас ҳҩызцәа аҿарацәа рахьынтәгьы.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0