Урыстәылеи Аҧсни афымцадәыӷба рыбжьалеит

© Sputnik Томас Тхайцукэлектричка Гагра -Адлер
электричка Гагра -Адлер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагреи Адлери рыбжьара ибжьҵоу афымцадәыӷба 60 ҭыҧ амоуп. Мышкы хынтә иныҟәалоит: шьыжьла, ҽынла, хәынла.

АҞӘА, рашә 21– Sputnik, Роберт Џьопуа. Ақалақьқәа Гагра (Аҧсны) Адлер (Урыстәыла) ирыбжьаҵоу афымцадәыӷба раҧхьатәи ареис ҟанаҵеит.

Адәыӷба Аҟәа-Белгород аныҟәара иалагоит ԥхынгәы алагамҭаз

Аҳәынҭқарратә аунитартә еилакы ''Аҧсуа аихамҩа'' аиҳабы Гурам Гәбаз Sputnik акорреспондент иеиҳәеит афымцадәыӷа акурорт аамҭазы аҧсуа-аурыс ҳәаа ахыҵра армариоит ҳәа.

"Аҧасаџьырцәа ирзымариахаша аграфик аҧаҳҵеит. Аҿыц еихамҩатә еимадара ихадоу ахықәкы — аҧсуа-аурыс ҳәаа аҟны аусура армариара. Ҩ-қалақьк рыбжьара ибжьаҵахо афымцадәыӷба Адлер инаркны Гагранӡа аҧасаџьырцәа сааҭки бжаки ирҭагзаны инанагоит.", — иҳәеит Гәбаз.

Москвантәи иааз Екатерина Колосова лажәақәа рыла, ҿыц ибжьарҵаз афымцадәыӷба ала аҧсу-аурыс ҳәаа ахыҵра иаҳа иманшәалахеит.

Москвантәи Адлерынӡа дәыӷбала снеит, аҳәааҟны кыраамҭа сгылазаауеит ҳәа сгәы иаанагон. Аха афымцадәыӷба ҿыц бжьарҵеит ҳәа ансаҳа схы иасырхәит, ушьҭахьтәи санцогьы иаралоп сызлацо", — лҳәеит Колосова.

Гурам Гәбаз иажәақәа рыла Ақалақь аусбарҭа абаӷәаза азааигәара ауаажәларратә транспорт агыларҭа еҿнакааит.

"Гагра аихамҩатә станциа ахь  афымцадәыӷба иақәтәаны инеиз аҧасаџьырцәа аҭыҧтә транспорт рхы иадырхәартә алшара рымоу. Автобусқәеи амаршруткақәеи ақалақь аҩнуҵҟеиҧш егьырҭ акурорттә раионқәа рҟынӡагьы иныҟәоит ", — иазгәеиҭеит ''Аҧсны аихамҩа" аиҳабы.

Гагреи Адлери ирыбжьоу афымцадәыӷба авагонқәа ирыҩнагылоуп 60 ҟәардә. Мышкы иҭагӡаны адәӷба хынтә иныҟәалоит. Амҩа иақәырӡхоит сааҭки ҩынҩажәижәабм минуҭи, урҭ рахьынтә ҩажәижәаба минуҭ аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа ргәаҭара иагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0