Аҧсны аҳәынҭқарратә амаҵзуцәа 700-ҩык амхзаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание кабинета министров
Здание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа реилазаара ааҳәынҭқарртә усбаҭақәа зегь рыҟны 15% рҟынӡа аштатқәа рмаҷразы адҵа риҭеит.

АҞӘА, рашә 21– Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа 700-ҩык аусзуҩцәа русурақәа ирымхзаауеит, абри атәы ахада иусбарҭа аексперттә напхгара аиҳабы Иракли Хьынҭба Sputnik акорреспондент иеиҳәеит.

Хьынҭба иажәақәа рыла аштатқәа рмаҷра аҳәынҭқарратә напгара асистема арҿыцра ауп иаанаго. Иахьатәи аамҭазы иахәҭоу аҧҟаҧҵәа ахиара иаҿуп, иациҵеит Хьынҭба. 

Аштатқәа рмаҷра — ареформақәа раҧхьатәи шьаҿоуп. Аҳәынҭқарратә напхгара аорганқәа еснагь рхатә структурақәа русура ирыцклаҧшуазароуп. 

Хьынҭба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә напхгареи аусбарҭақәеи рмаҷра атәоуп аус злоу, уахь иаҵанакуеит аҭыҧантәи ахадарақәагьы.

"Уи иаҵанакӡом ҭыҧ цыҧхьаӡа 15% процентк амхтәуп ҳәа, уи акәӡам иаанаго, 15 — аштатқәа рхыҧхьаӡара зегьы еицырзеиҧшу цифроуп",- иҳәеит иара.

Иракли Хьынҭба игәаанагарала Аҧсны макьана аекстенсивтә парадиа амоуп. Аҧышәа ҳарак змоу аӡәы иҟаиҵараны иҟоу аус хәҩык наҿугьы ыҟоуп, уи ахарала аусура ахаҭабзиара маҷуп.

"Ҳара иахьа ҳусура алҵәақәа маҷуп. Ареформа раҧхьатәи ашьаҿа абзоурала аусура еиҳа иласхоит, алҵшәақәагьы рацәазаауеит", — иациҵеит Хьынҭба.

Аҧсны ахада иусбарҭа Аексперттә напхгара аиҳаба Иракли Хьынҭба  иажәақәа рыла имҩаҧгахо ареформақәа аҳәынҭқарра аусура иазеиӷьхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0