АҞӘА, рашәара 22- Sputnik. Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа аусуҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа аҟны иаадырԥшит хә-ааҵәак адекларациа иахыгамыз ачаи ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәамҭаҟны ишарбо ала Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииасуаз автотранспорт агәаҭаараан иаанкылан автомашьына.Иара аныҟәцаҩ имҩанигоз ачаи еиқәаҵәа 914 кьыла аирбеит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Ачаи ааҵәақәа ирҭан. Адокументқәа рыла дара 30 ҭыԥ ааныркылозар акәын аха агәаҭараан ирбеит еиҭа ааҵәақәа хәба.
"Афирма-аиуҩы адекларациаҟны ианарбеит ииашамыз адыррақәа. Ари аҳазалхратә закәанԥҵара еиланагоит", — ҳәа азгәеиҭеит аҳазалхратә пост аиҳабы Денис Воронин.
Апресс-маҵзура ишаанацҳауала автомабиль арныҟәцаҩ, џьаргьы аус зымуа Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит аидара аидарашьҭыхыҩцәа шракәыз амашьына иақәызҵоз. Иара инапынҵаны иҟаз аидара амҩангара мацара акәын, убри инадҳәаланы ааҵәақәа рхыԥхьаӡара издырам. Аидара анақәырҵоз итауар зоураны иҟаз рхаҭарнак дыҟазу-дыҟамзу иара игәалашәом.
Ааҵәақәа алхны аҳазалхрартә експертизахь инашьҭуп. Афирма-еилагаҩы аганахьала аусҭҵаара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.