1902 шықәса рзы амшыни абааи акультуратә ҭыԥқәеи ("Аамҭалатәи асасааирҭа", ақьафурҭа "Гагрыԥшь") рыҟны, 36 десҭын (14га) иахьаҵанакуа ихацыркын архитектор Шервински ипроект ала апарк.
1901 шықәса рашәара 9 рзы апринц Ольденбургски иреиҳаӡоу адҵа иоуит Гагратәи аҳауатә станциа аргыларазы адҵақәа ихахьы игарц.
1901 шықәса ажьырныҳәа 3 рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны иахәаԥшуан Кавказ амшын аԥшаҳәаҟны Урыстәылатәи аимпериа адгьылқәа рхархәара азҵаара, 1901 шықәса жәабран 28 рзы "Аҟәатәи аокруг Амшынеиқәа аԥшаҳәаҟны иҭацәу адгьылқәа ахатәхаҿқәа рыҭара ашьаҭақәа рзы" ҳәа Иреиҳаӡоу адҵа ҭыҵит.
1901 шықәса мшаԥазы Ольденбургски, аимадара мҩақәа рминистр Хилкови дымҩаԥызгоз архитекторцәеи, аҳақьымцәеи анџьнырцәеи ицны Гагра дааит.
Аҳәынҭқар Ольденбургски ииҭеит 14 500 десҭын адгьыл, акурорт аргыларарзы. 1901 шықәса инаркны 1912 шықәсанӡа аиҳабыра акурорт аԥҵареи аҿиареи рзы иазоурыжьит хә-миллион мааҭ аԥара.
Уинахыс Гагра ахатә ҿиара амҩа ианылеит. Амедицина атәы бзианы издыруаз апринц Ольденбургски аҳәынҭқар иҟынтә инапы ианыз акурорт аиҿкаара лҵшәала инеигӡеит.