Ашәба: адепутатцәа рыламкьысра рхыххар дара еиҳа рыгәра уго уалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукНугзар Ашәба
Нугзар Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Нугзар Ашәба Аԥсны Аконституциа ареформазы дызхагылоу аиҿкаара иҟанаҵаз ажәалагалақәа дрылацәажәеит

АҞӘА, рашә 23 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Апартиатә сиақәа рыла адепутатцәа ралхра ареспубликаҟны аполитикатә система  аҿиара иацхраауеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара"ахантәаҩы Нугзар Ашәба.

"Ауаажәларра рҟны иалацәажәоит ареспубликаҟны аполитикатә система еиҳа иманшәаланы иҿиаларц, иаԥҵахаларц аҭакԥхықәра иаҵагыло аиҿкаарақәа. Убри азы иахәҭоуп адепутатцәа рыхәҭак ракәзаргьы апартиатә сиақәа рыла иалхлазарц", —  ҳәа агәаанагара имоуп Нугзар Ашәба.

Иара убасгьы агәаанагара имоуп иреиӷьу ҭагылазаашьаны еилаԥсоу алхратә система ҟалар алшоит ҳәа.

"Ҳара иҳамоуп акыраамҭала ишьақәгылаз атрадициа –амажоритартә системала алхрақәа рымҩаԥгара. Аконституциаҟны иҳәоуп адепутати алхыҩцәеи аимперативтә мандат еиднакылом ҳәа. Формалла иара дара рҿаԥхьа ҳасабырба идым аха аԥсҭазаараҟны урҭ дрыцынхалароуп, реилазаара далахәызароуп. Иалхыҩцәа ирҳәо, иргәыҵхоу бзианы идыруазароуп, — иҳәеит иара.  – Аха убри аамҭазы иахьа ари асистема еихәыдхашәо иалагеит", — иҳәеит уи.

Ари асистема иалнаршом адепутатцәа реилаазаарахь иаԥсам ауаа рынамышьҭра. Уахь иаланагалар алшоит зус рыӡбахьоу, анаркоманцәа. Уаанӡатәи алхрақәа иаҳдырбеит алхыҩцәа рыбыжьқәа аархәар шыҟало, иҳәеит Нугзар Ашәба.

Ауаажәларратә еилазаара "Абзанхара" ажәалагала ҟанаҵеит апарламентариацәа рхыԥхьаӡара еизырҳарцаз 36-ҩык рҟынӡа (18-ҩык амажоритартә системала иалхзарц, егьи 18-ҩык – апартиатә сиақәа рыла).

Аҳәынҭқарратә биуџьет иахьазы иалшом адепутатцәа рхыԥхьаӡара абри аасҭа еиҳанатәырц. Адепутатцәа рхыԥхьаӡара аизҳара иаҭаххоит акабинетқәа, еиҳау аилатәаратә зал, аппарат аусзуҩцәа ҿыцқәа, азгәеиҭеит иара.

"Иахьазы аусура зҭаху, изылшо 36, 35-ҩык ирылшоит аӡбра иаша рыдкылара. Ҳара иаҳҭахуп аус зуа апарламент, иаԥҵатәуп азинтә система", — иҳәеит Нугзар Ашәба.

Адепутатцәа рыламкьысра аԥсуа парламент азы имыцхәу атрибутуп, азгәеиҭеит иара.

Апарламент аҟны ирыдыркылаз иарбанызаалак азакәан атәыла Ахада ианаамҭаз иахьимкьыԥхьыз иахҟьаны амчра амоур, "Абзанхара" иаднагалоит уи азакәан Жәлар Реизара аиҳабы икьыԥхьыр азин имазарц.

Ауаажәларратә еиҿкаара иаԥхьаӡоит Аԥыза-министр икандидатура апарламент ишьақәнарӷәӷәароуп ҳәа. Ари атәыла Ахадеи апарламенти рыбжьара  анапынҵақәа реихшара аконтекст аҟны аҵакы амоуп, ҳәа азгәеиҭеит Н. Ашәба.

"Ҳара президенттә тәылоуп, инагӡаны ҳазхарҵаанӡагьы ус иҟазароуп. Иҟазароуп апарламенттә хылаԥшра ӷәӷәа. Ҳара  ҳгәы иаанагоит атәыла Ахада идгаларала Аԥыза-министр икандидатура апарламент аҟны ишьақәдырӷәӷәалароуп ҳәа. Апарламент акандидатура хынтә мап ацәнакыр, Ахада азин имазароуп апарламент еимирпырц. Апарламент иамазароуп Ахада аимпичминт идгалара, Ахада – апарламент аимырпра", — иҳәеит Нугзар Ашәба.

"Абзанхара" агәаанагарала апарламентгьы иаҭатәуп Аԥыза-министри Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәеи рахь агәрамгара аарԥшра азин, иара убасгьы – Апрокурор хадеи Амилаҭтә банк ахантәаҩи рахьгьы. Ушьҭантәи алхрақәа раан Ахада ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ ықәгазароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит аилазаараҿы.

Араионқәеи аҳҭнықалақьи рхадацәа ралхра азҵаара аганахьала Ашәба иазгәеиҭеит Ахада апарламент алахәылацәа рҟынтәи акандидатура алихроуп ҳәа. Иара убри аан  администрациа ахада дышдепутату даанхароуп, алацәажәаратә бжьы иманы. Нугзар Ашәба игәаанагарала ари адепутатцәа  рҭакԥхықәра еизнарҳауеит ишьақәдырӷәӷәоу ахаҿы иганахьала.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0