Савели Ҷыҭанаа: акран аҟынтәи аӡы шәымжәлан

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГолубь у фонтана. Архивное фото.
Голубь у фонтана. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рҳәынҭқарратә Еилакы ахада Савели Ҷыҭанааи ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи Sputnik иазеиҭарҳәеит ақалақьтәи акранқәа рҟны зны-зынла ижәҩангәыԥшшәылоу аӡы заауа атәы.

АҞӘА, рашә 24 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Адунеи ақалақьқәа жәпак рыҟны аӡы акран аҟынтәи ажәра иаҟәыҵхьеит. Аԥсны иҟоу аӡқәа рыцқьара уааҵашьыцыртә ишыҟоугьы акран аҟынтәи аӡыжәра аҭахым иҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рҳәынҭқарратә Еилакы ахада Савели Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла аӡы акран аҟынтәи ажәра ҟалом акоммуникациақәа рыԥсахра ахьхымԥадатәиу инадҳәаланы.    

Аеколог иазгәеиҭеит Аҟәатәи ауадақәа жәпакы рыкранқәа рҟны иаауа излагаз аӡы аԥшшәы зеиҭакхаз аӡымҩангагатә системахь ароматизаторқәа ралалароуп изыхҟьаз.

"Атрубақәа рыԥсахра залмыршахаргьы акапиталтә ремонт хымԥада ирҭахны иҟоуп. Аӡы анашьҭра анаанкылахалак аӡыҭгагақәа шьҭахьҟа аӡы харгалоит. Убри аан ишыҟалах сеидроу аунитазқәа рҟны иқәгылоу ауалырқәа рҟынтәи аӡи иареи еилалеит. Ауалырқәа ирҭадыргылолу ароматизаторқәа аӡы аԥшшәы еиҭаркит", — иҳәеит иара.

Ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева иазгәалҭеит  акран аҟынтәи аӡы аԥшшәы ԥсахны изнеиуа ашьышьмауалырқәа ииашамкәа иахьықәгылоу ауп.

"Ауалырқәа рҟны аӡқәа адизенфекциа рзуразы рхы иадырхәоит  атаблетка цәиаҵәақәа. Убарҭ роуп аӡы аԥшшәы зыԥсахыз. Абри аан аӡыцқьа аара иазыԥштәуп", — лҳәеит лара.

Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҟны ахархәаҩцәа ирҩуан рыкранқәа рҟны ижәҩангәыԥшшәылоу аӡы шаауаз. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә екологиатә центр изныкымкәа  анализқәа ҟарҵеит, урҭ иаадырԥшит  аӡы аилазаара   1,25 мг/л ферроцианид шалоу. Уи ахархәара амоуп абзазаратә химиаҟны. Аеколог иажәақәа рыла ари ацифра ашәарҭара аҩбатәи аҩаӡара аҟынӡа инаӡоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0