Аԥхынтәи акинотеатр аусура иалагоит Аҟәа асабша

© flickr.comАуаа аекран афон аҿы. Архивтә фото.
Ауаа аекран афон аҿы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҟны асабша аусура иалагоит аԥхынтәи акинотеатр. Иарбан фильму ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоу макьана имаӡоуп

АҞӘА, рашә 25 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны хәылԥазла ахәаԥшыҩцәа иддырбо иалагоит акинофильмқәа ҳәа  Sputnik иазаалыцҳаит ақалақь Ахадараҟны аҿари аспорти русхк азы аилак азанааҭуаҩ хада Есма Кәыҵниаԥҳа.

Аҟәа ауааҧсыра иаатуа акинотеатр аҭыԥ аҟны арыцқьарақәа мҩаԥыргеит

"Ҳара иаҳҭахуп ҳауаажәлар аԥхынтәи аамҭақәа еиуеиԥшымкәа ирхыргартә еиԥш аҭагылазаашьа раҳҭарц. Аԥхьатәи амш аҽны афильм арбара аԥхьа имҩаԥгахоит аныҳәатә аартра. Сгәы иаанагоит аинтерес аҵалап ҳәа ижәбараны иҟоу зегьы". — лҳәеит Е. Кәыҵниаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла иддырбараны иҟоу афильм макьаназы ахәаԥшцәа рзы ахьӡ маӡоуп. Егьырҭ афильмқәа анонс рзырулоит. Убри адагьы афильм алхраан ахәаԥшыҩцәа рҭахрақәа ирызхьаԥшхоит.

Аԥхынтәи акинотеатр аус аулоит ԥхынгәымза 30 рҟынӡа.

"Иалшаны иҟалар апроект иацаҳҵоит. Раԥхьа игәаҭатәуп ауаа иргәаԥхо иргәамԥхо ари апроект. Ахәаԥшцәа ҟалар ҳәарада иацҵахоит. Исҳәар сҭахуп адгыларагьы шаҳҭаххо", — лҳәеит лара.

Ажәҩан аҵаҟа иаартны иҟоу акинотеатр ахацыркра иаԥшьгаҩхеит ақалақь Ахадараҟны аҿари аспорти русхк азы аилак. Актәи асеанс мҩаԥгахоит асабша, рашәара 27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0