Маиа Гьерзмаа: Руслан Бебиа иаб ихьӡ даԥсоуп

Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" абалетмеистер хада Руслан Бебиа имшира инадҳәаланы, Бебиаа рҭаацәара ареспублика акәашаратә традициаҟны рольс иааныркыло далацәажәеит Аԥсны жәлар рартистка Маиа Гьерзмаа

АҞӘА, рашәара 25, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Бебиаа рҭаацәара аԥсуа кәашара аҭоурых аҟны иааныркыло аҭыԥ акырӡа иҳаракуп. Едуард Бебиа иҟазара жәлары зегьы рҟны иазхаҵан, иҷкәын Руслан Бебиа иакәзар, иаб ишьҭра дықәуп лҳәеит Аԥсны жәлар рартистка Маиа Гьерзмаа  Sputnik акорреспондент аинтервиу лыҭо.

"Едуард оумашәа аҟазара злаз артистын, қәыргылаҩын. Иара еиԥш зеиԥшу аҽа шәышықәсагьы дымир ҟалап. Иахьа Едуард ишьҭра дхуп иара иԥа – Руслан. Ҳара иара еснагь "италиатәи арԥыс", — ҳәа ҳишьҭан, азгәалҭеит Маиа Гьерзмаа.

Жәлар рартистка лажәақәа рыла аԥсуа кәашара акультура иахьа иреиӷьу аамҭа иҭагылан иҟам. Ирацәаҩуп аҵара ҳәа атәыла иалҵны ицо, нас арахь ихынҳәуам. Абалетмеистерцәа азхом, акәашара ҿыцқәа рықәыргыларагьы хьысҳауп, лҳәоит лара.

"Актиорцәа арольқәа ҟарҵоит, акәашацәа – аконцертқәа. Аколлективқәа Аԥсны имаҷны аконцертқәа мҩаԥыргоит, аиҳарак ныҟәараҳәа гостроль ҳасабла ицоит. Акәашаҩ изы асценахь ацәырҵра акраҵанакуеит. Ҳара зегьы Руслан Бебиа акыр ҳиқәгәыӷуеит". — лажәақәа ирыцылҵеит Гьерзмааԥҳа.

Руслан Бебиа – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Чечентәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз 1997 шықәса рзы атәыла ахада идҵала ансамбыль "Шьараҭын" анапхгаҩыс дҟаҵан. Рашәара 25 рзы Руслан Бебиа ихыҵит 50 шықәса.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0