Ашыц аиқәырхаразы аекологцәа ажәалагала ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшыц аиқәырхаразы аекологцәа ражәалагала
Ашыц аиқәырхаразы аекологцәа ражәалагала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны иалацәажәеит ашыц аиқәырхара азҵаара.

АҞӘА, рашә 26 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Ашыцтә хәаҷа, огниовка,  иаҿагыланы ақ́әԥаразы раԥхьа иргыланы иаҭахуп иара апарктәи ақалақьтәи, амҩа иаиаԥнуи азона иахьаҵанакуа ақәхра иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара имҩаԥнагаз аилацәажәараҟны Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа  Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Ашыц зфо ахәаҷа –огниовка ҳәа изышьҭо ахьшәарҭоу еиҳарак арҭ аҭыԥқәа рҟны ауп иҳәеит аеколог.

"Аиҳарак иара апарктә зонаҟны ауп иахьцәырҵуа. Уаҟа иԥсабаратәу аекосистема еилагоуп", — ациҵеит иара.

Иара еиҳарак иуԥылоит Пицунда-Мысратәи  аҳәарԥсарреи, Шәқәырча иахьаҵанакуеи ақалақь апаркқәеи рҟны – иҳәеит Р. Дбар.

Огниовка шәарҭоуп акыр избанзар, ахәаҷа аҵла абӷьы мацара акәым иафо, аҵла ацәагьы хнафаауеит. Аҵла убри аан иҩоит, иеиқәзырхо ҳәа иҟоу акы заҵәык – ирҭбааны, аҵаулара аҭаны ахҵәара.

"Ҳара ҳахьызнеиуа аҭыԥқәа ахимиатә хәшәыркала аус адааулар иалшоит абыӷьқәа  20% рҟынӡа реиқәырхара. Уи иалнаршоит аҵлагьы аԥсҭаҵара. Ари иаанагоит ашыц ҵиаа аиқәырхара ауеит ҳәа", — азгәеиҭеит иара.

Аамҭала арҭ ахәаҷақәа ирҿагылоу, иқәызхуа гыгшәыгқәеи апаразитқәеи цәырҵышт ҳекосистемаҟны – иҳәеит иара.

"Китаитәи амаҵа еулофит ари аҭагылазаашьаҟны ихәарҭахап ҳәа сыҟам. Иара уаанӡа, аԥарԥалыкь шкәакәа ақәхразы ҳхы иаҳархәахьан" — иҳәеит аеколог.

Ашыцтә огниовкақәа абнатә зонаҟны ирацәахар урҭ рнырҵәара уадаҩхоит, азгәеиҭеит Рома Дбар.

Огниовка ахьыҟоу ахимиатә усадуларазы ацитрусқәа аус зларыдыруло атехника ахархәароуп иаҭаху иҳәеит Р. Дбар.

"Ҳара ари апроцесс азы аамҭа рацәа ҳамам, ирластәуп аусурақәа. Иахьазы араионқәа зегьы рыҟны иҟоуп ауаа  ацитрусқәа аус рыдызуло", — иҳәеит Р. Дбар.

Иара иажәақәа рыла огниовка адагьы ашыц азы ишәарҭоуп иара убасгьы  акәыкәбаа "циллиндрокладиум".

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба аекологтә маҵзурақәа рнапы ианиҵеит иахәҭаны иҟоу ахәшә алыркаарц.

Ашыцтә огниовка Аԥсны иаанагеит 2012 шықәса рзы Шәачатәәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рзы Китаитәи ашыц шьаҭақәа урҭ ирылан ари амаҵагьы.

Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьышьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0