Оксана Ԥачлиаԥҳа: Аҿартә политика Аԥсны ахырхарҭа хадақәа ируакхароуп

Оксана Ԥачулиаԥҳа: аҿар рыцхраара - ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ауп
Оксана Ԥачулиаԥҳа: аҿар рыцхраара - ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти рзы аилак аҿар рымш рыдырныҳәалеит.

АҞӘА, рашә 28 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҿартә политика Аԥсныжәлар рзы ахырхарҭа хадақәа ируакхар ауп, ҳәа лгәы иаанагоит Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти рзы аилак аспециалист хада Оксана Ԥачлиаԥҳа.

Ԥачлиаԥҳа аилак ахьӡала Аҿар рымш зегьы ирыдылныҳәалеит.

"Ҳара иҳамоуп даара иҟәышу, аҟазара злоу, аҵарагьы змоу аҿар. Ҳара шәылшарақәа рыгәра аагоит, шәара шәоуп издаҳҳәало ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. Игыло абеиԥарақәа рзы ҿырԥшыгас шәҟала, шәхықәкқәа нашәыгӡала", — лҳәеит Ԥачлиаԥҳа.

Уи иазгәалҭеит аҿар ацхыраара рыҭара — ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ашьҭаҵара ауп.

"Аҳәынҭқарра излалшо ала аҿар ирыдҳәалоу апроектқәеи апрограммақәеи афинанстә цхыраара рнаҭоит. Аха ҳара иаҳҭахуп аҿар рҭахрақәа аҳәынҭқарраҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылозарц. Иреиӷьу зегьы аҿар ирызкызар ауп. Ҳҳәынҭқарра хыԥхьаӡара рацәала апрофессионалцәа аҭахуп. Аҳәынҭқарраҿы аҿартә политика адгылара анаиулак ауп аԥеиԥш лаша аныҟало", — ҳәа лгәы иаанагоит Ԥачлиаԥҳа.

Аҿартә еилакы аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, инагӡоу апроектқәа маҷым.

"Ҳгәы иалоуп ҳагәҭакқәеи ҳапроектқәеи ҳалшарақәеи зны-зынла иахьеиқәымшәо, аԥара амамзаара иахҟьаны лассы-лассы ҳагәҭакқәа ҳзынагӡом. Аҳәаанырцә аԥара рацәаны изықәдырӡуа апроектқәа нарыгӡоит, аҭаацәара ҿыц, ақыҭаҿ инхо аҿар рыцхыраара уҳәа ирызкқәоу. Абас иҟоу апроблемақәа ҳаргьы иҳаӡбалар ҳҭахуп. Аха афинанстә зҵаара иҳалнаршом урҭ аусқәа рымҩаԥгара", — азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, аилак ашҟа инеиуеит ацхыраара иашьҭоу аҿар. Аилак урҭ рхы аадырԥшырц азы имҩаԥнагоит арҿиаратә хәылԥазқәа, асахьатә цәыргақәҵақәа, амастер-классқәа. Апроект "Аԥсны аҿар рыблала" аҳәаақәа ирҭагӡаны, ес-ԥхынра аилак Аԥсны ахы-аҵыхәа аекскурсиақәа мҩаԥнагоит, еиҿнакаауеит аҿартә лагер Ауадҳара. 

Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти рзы аилак еиҿкаан 2007 шықәсазы, раԥхьатәи аиҳабыс даман Сусанна Ҭаркьылԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0