АҞӘА, рашә 28 – Sputnik. Урыстәыла аҳәаақәа рааигәа акомплекс ПВО С – 400 аргылара уиаҟара аҵакы ӷәӷәа аҭара аҭахым, НАТО Урыстәыла иақәларц агәы иҭам, иҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩс уаанӡа Урыстәыла иҟаз Маикл Макфол. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"ПВО С – 400 Урыстәыла аҳәаақәа рааигәа аргылара уиаҟара ахылҟьа-ҿылҟьа ахылымҵуазар ауп. НАТО ахаан Урыстәыла иақәлаӡом", — ҳәа аниҵеит Еиду Америка Аштатқәа уаанӡа Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Маикл Макфол асоциалтә каҭа Twitter идаҟьа аҟны
Макфол икьыԥхьымҭақәа руак аҿы ианиҵахьан Урыстәыла агәы ҭынчзарц уи аҳәаақәа рааигәа иҟало ахыхьчара иазку НАТО рыбџьар азы, избанзар Москва НАТО иақәларц аҳәамҭа ҟанамҵеит.
Уажә аԥхьа иҟаз адыррақәа рыла, азениттә-ракетатә комплексқәа (ЗРК) С-400 "Триумф", насгьы акомплекс "Панцирь-С" ари ашықәс нҵәаанӡа Аҩадатәи афедералтә округ арбџьармчқәа ирыҭахоит.