Штаинмаиер: Берлин иалнамыршар ауп Москва аизолиациа азура

Анапаҵаҩра
Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Штаинмаиер Урыстәылеи Европеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, рашә 28 – Sputnik. Урыстәыла Европа еидгылеи  Германиеи агәыла хадацәа ируакын еснагь, ус иагьынхоит, уи Европа аԥеиԥш зыӡбо аҳәынҭқаррақәа ируакуп, иҳәеит Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Штаинмаиер. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылеи Америкеи аиадертә бџьар ахыԥхьаӡара аизырҳаразы иҟарҵо аҳәамҭақәа ажәытәра иатәу "аибашьра хьшәашәа" иахылҿиаауеит ҳәа игәы иаанагоит Штаинмаиер. 

"Европа жәашықәсала иҟаз аҭынчра иарҿиаз зегь ҳахьчароуп. Иаҳхаҳмыршҭуазар ауп Европа аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара аиҿкаараҿы Урыстәыла шалахәыз", — иҳәеит Штаинмаиер.

 Урыстәылеи Европеи аизыҟазаашьа бзиақәа, аиҩызаратә усеицура рыбжьаҵара алыршара иазкны Штаинмаиер иҳәеит "уи ҟалар ҳҭахуп".

Уи аҟалара зыбзоуроу Украинатәи акризис алҵразы Урыстәыла ацхыраара аҟаҵара иахьынӡазхиоу ауп. Еилкаауп, Германиа иалнаршар ахәҭам Урыстәыла аизолиациа азура. Урыстәыла Европа агәыла хадас ишыҟац инхоит. Урыстәыла иҳацаӡбоит Европа аԥеиԥш", — азгәеиҭеит уи. 

 Штаинмаиер ахҳәаа ҟеиҵеит Збигнев Бжезински иажәақәа Украина НАТО иаламҵакәа Европа еидгыла алаҵара шаҭаху. 

"Агәыӷра сымоуп Урыстәылеи ҳареи Украина аҵакыратә акзаара алыршара азҵаара аҟны азеиԥш знеишьа аԥшаара ҳалшап ҳәа. Аха Урыстәылагьы Европагьы аҳәынҭқарра аҿиашьа аӡбара рылшом. Иԥхьагылоу атәылақәа ирылшар ауп рполитикатә модельқәа еибашьрада раларҵәара", — ациҵеит Штаинмаиер.

Штаинмаиер уаанӡа иазгәеиҭахьан Урыстәыла аганахь ала аполитикатә қәыӷәӷәара мацара алҵшәа шыҟанамҵо, насгьы G8 аформат G7 аформат аҟны ааныжьра аинтерес шаҵам Европа азы.


Ажәабжьқәа зегьы
0