Урыстәыла 79 хьтәы медаль агеит Баку имҩаԥысуаз ахәмаррақәа рҟны

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла 79 хьтәы медаль агеит Баку имҩаԥысуаз ахәмаррақәа рыҟны
Урыстәыла 79 хьтәы медаль агеит Баку имҩаԥысуаз ахәмаррақәа рыҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурысцәа ркоманда иара убас иагеит 40 раӡны ҳамҭеи 45 џьаз медали.

АҞӘА рашә 28,— Sputnik. Урыстәылатәи акоманда 79 хьтәы медаль агеит Баку имҩаԥысуаз раԥхьаӡатәи европатәи ахәмаррақәа рыҟны. Уи алагьы актәи аҭыԥ ааннакылеит амедальқәа рхыԥхьаӡарала.  

Иара убас, аурысцәа ркоманда иагеит 40 раӡны ҳамҭеи 45 џьаз медали. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Азербаџьан ахәмарыҩцәа, ахԥатәи Англиа акоманда. Урыстәыла акоманда заанаҵы ахәмаррақәа рҟны аиааира агахьан. 

Зынӡа ахәмаррақәа рҟны амедальқәа ираиааит 42 тәыла, ахьтәы ҳамҭақәа ранашьан 31 тәыла.

Ахәмаррақәа мҩаԥысуан Баку рашәара 12 инаркны 28-нӡа. Аспортсменцәа 253 медаль еиҩыршеит 20 спорт хкы рҟны. 


Ажәабжьқәа зегьы
0