Аҟәа, Ешба имҩала, ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аатит

© Sputnik Бадра АвидзбаАҟәа ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аартын
Аҟәа ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аартын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иаарту ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы ргылан Аԥсны ахада ифонд аҟнытә иазоужьыз аԥара ала.

АҞӘА, рашә 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳҭнықалақь аҟны, Ефрем Ешба ихьӡ зху амҩаду ала амҽышаҽны ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аартын.

Ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аартра иалахәын Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиеи, Аҵара аминистр Адгәыр Какобеи. 

"Араҟа иахьа ижәбо ҩба-хԥа ҩны ирзеиԥшу ашҭаҟны ахәыҷқәа рыхәмарырҭа ҭыԥ аартра қәҿиарак аҳасаб ала исыԥхьаӡоит, избанзар аҿар роуп раԥхьаӡа инаргыланы напы зыдкылатәу, уаҵәтәи ҳԥеиԥш дара рнапы иахьану азыҳәан, урҭ рааӡара, ргәабзиара иахәо аусқәа ҳрыцныҟәалар ауп", — иҳәеит Аԥсны аҵара аминистр Адгәыр Какоба.

Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәа амҩаду аҟны ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аартра алшартә иҟалеит уаҟа инхо Ҭенгьыз Папбеи, уи игәылацәеи аиҳабыра рахь иҟарҵаз аҳәара ала.

"Ари аус ҳашьҭоуижьҭеи акыр ҵуан, избанзар ҳхәыҷқәа иахьыхәмарша, рыбаҩ ахьдырҵәыша аҭыԥ рымамызт. Ҵыԥх Аԥсны ахадара ҿыц анаиу ҳагәҭакы раҳҳәеит, уи иагьахаҵгылеит. Иҭабуп даараӡа ҳәа раҳҳәоит иҟарҵаз ацхыраара азыҳәан", — азгәеиҭеит Ҭенгьыз Папба.

Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа иажәақәа рыла,  ас еиԥш иҟоу ахәмарырҭақәа   ақалақь зегь аҟны иргылатәуп.

"Угәы иаахәоит ахәҷырацәа араҟа иахьааиз. Ари анубалак, урҭ рыцхрааразы иҵегь даҽак ҟасҵандаз уҳәо агәахәара уоуеит. Анцәа иҳәааит ас еиԥш иҟоу аргыларақәа шҭацԥхьаӡа иҟало", — иҳәеит Адгәыр Ҳаразиа.

Ахәыҷқәа рыхәмарратә дәы аартразыҳәан Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ифонд аҟынтәи иазоужьын 550 нызқь мааҭ. 

"Ари адәы аҭыԥ аҟны уаанӡа агәамсам кажьын. Анцәа иџьшьоуп ахәыҷқәа ахьыхәмарша аҭыԥ ахьроуз. Иахьа араҟа дсыцуп смаҭа хәыҷы, уи даара илгәаԥхоит адәы шеиҿкаау", — лҳәеит Наҭелла Андарбуа.

Ахәыҷкәа рыхәмарратә дәы аргылара иалагеит 2014 шықәса ҭагалан азы. Адәы аартраҿы ацхыраара ҟарҵеит иара убас Аҟәа ақалақь ахадара, Аҿартә политиказы аилак, Аҵара аминистрра.


Ажәабжьқәа зегьы
0