00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Sputnik Аԥсны Telegram-канал иахыҵит шықәсык
18:19
14 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа акурорт Пицунда аусушьа еиликааит
18:33
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Российские специалисты совместно с абхазскими энергетиками осмотрели объекты энергосистемы
18:49
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Зураб Ҳаџьымба: ауаажәларратә транспорт атарифқәа реизҳара узаанкылом

© Sputnik Томас ТхайцукАвокзал
Авокзал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атранспорт азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба ауаажәларратә транспорт атарифқәа зышьҭырхыз амзызқәа дырзааҭгылеит.

АҞӘА, рашә 29 — Sputnik, Анжелика Бениа. Ауаажәларратә транспорт (амаршруттә таксиқәа) ртариф аизырҳара – иузаанымкыло акоуп, ҳәа азгәеиҭеит атранспорт азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Зураб Ҳаџьымба.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла, ааигәа амаршруткарныҟәцаҩцәа ауаажәларратә транспорт ақәтәаразы атариф иацырҵарц рыӡбеит.

"Ааигәа амаршрутка арныҟәцаҩцәа амҩахә ацҵара рыӡбеит. Ауаажәларратә транспорт атариф аизҳара узвымсуа фактуп. Иацҳамҵар, иаанаҳкылар ҳалшоит, аха ҵыԥх аахыижьҭеи амашьына ахәҭақәа рыхәқәа ирыцлеит, адоллар ашьҭыҵра амшала. Уи аус иазхәыцны адгылара аҭахуп. Иахьа аминистрцәа реилазаара ахь атариф ҿыцқәа рышьақәыргыларазы ашәҟәы ҳашьҭуеит", – иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иажәақәа рыла, анапхгарахь уи азҵаарала ирацәаны агәынамӡарақәа аарышьҭуеит.

"Ҳәарада, аҿыц тарифқәа шьақәдмыргыларгьы ауеит. Ҳара макьана ажәалагала заҵәык ауп иҟаҳҵаз, аха уи атариф иахьатәи азыҳәарақәа ирықәшәоит. Исықәшаҳаҭу рацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит", – ҳәа иациҵеит атранспорт азы Аҳәынҭқарратә напхгара аиҳабы.

Ауаажәларратә транспорт атарифқәа аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылоит, аха Ҳаџьымба ишазгәеиҭаз ала, уи апроцесс есышықәса имҩаԥыргаӡом.

"Ауаажәларратә транспорт атарифқәа есышықәса еизҳаӡом, шықәсқәак рахьынтә знык ауп. Ҵыԥх атарифқәа ирыцҵан, аха амаршрутқәа руак аҟны, аԥхын иҟаз аполитикатә еибарххарақәа рхарала џьара-џьара ахәқәа ирыцрымҵарц азы амашьынарныҟәцаҩцәа ҳрыҳәеит. Еиҳарак амаршрут Псоу-Аҟәа ауп уи зыдҳәалоу, ажәытә тариф – 150 мааҭ аҿыц тариф ала 15 мааҭ ацлар акәын, ҳрыҳәан мап ҳцәырымкит", – иҳәеит Ҳаџьымба.

Атранспорт азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә напхгара аиҳабы Зураб Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, ауаажәларратә транспорт аԥсҟы зку атариф еи́́ханы аԥасаџьырцәа аԥара рымызхыз ахьырхәызаауеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0