Омар Беигәаа диижьҭеи 114 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҟәа

© Sputnik Анжелика БениаԥҳаОмар Беигәаа диижьҭеи 114 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҟәа
Омар Беигәаа диижьҭеи 114 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩы, афольклорист, апоет, Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Омар Беигәаа игәалашәаратә хәылԥаз Аҟәа, Аҭоурыхи аҳәаанырцәтәи аԥсуааи рмузеи аҟны имҩаԥысит.

АҞӘА, ԥхн 1 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҭоурыхҭҵааҩ, афольклорист, апоет, Омар Беигәаа 114 шықәса ихыҵра Аҭоурыхи аҳәаанырцәтәи аԥсуааи рмузеи аҟны иазгәарҭеит. Агәалашәаратә еиԥылара хацыркын Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Харазиа иажәахә ала.

Ҳаразиа иҳәеит аԥсуа ҵарауаҩ Омар Беигәаа имшира инарҭбааны ишазгәаҭалатәу.

Аԥсны иаҭааит ҭырқәтәылатәи атуристцәа раԥхьатәи ргәыԥ

"Омар Беигәаа хаҭала имаз ҵарала дынџьнырын, аха иуаажәлар рҭоурых, рқьабз, рыԥсадгьыл аус рыдиуылон, иҭиҵаауан. Иара уи адагьы Кавказ иқәынхоз ауаажәлар ргәаҟрақәеи, рҭоурыхи аус адиуылон. Ҳәараҭахыума, ари аҩыза аԥсуа ҵеи имшира инарҭбааны иазгәаҭалатәуп", – иҳәеит Ҳаразиа.

Аҳәынҭқарра ахадара ахьӡала ажәа иман Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымаб иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.

"Ҳаԥхьаҟа Омар Беигәаа диижьҭеи 115 шықәса ахыҵра аҳәынҭқарра амҽхак аманы, аҳәынҭқарратә ҩаӡара аманы иазгәаҳамҭар ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Уи азыҳәан иаԥҵатәуп аҳәынҭқарратә хеилак, Уаҟа иалархәзаауеит адиаспора ахаҭарнакцәеи, Аԥсны аҳәынҭқарра аинтелегенциеи. Ишахәҭоу имҩаԥаҳгап ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит Занҭариа.

Амузеи аихабы Џьамбул Инџьгиа имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәаны аԥсуа ҵарауаҩ Беигәаа имшира амузеи аҟны амҩаԥгара дазааҭгылеит.

"Иахьа амузеи аҟны иҳаӡбеит ҭаацәашәарала Омар Беигәаа изкны игәалашәарақәа, иусумҭақәа ҳаизаны рыхцәажәара. Аԥсуа интелегенциа ҩашьара ақәымкәа ҳәаа нырцә инанагазаргьы ҳашьцәа, ҳауаажәлар зегьы ахеиқәырхара рымоуп аԥсуа доуҳа иаҵагыланы ахьӡ рҳәеит, ԥхьаҟа иҭыргеит. Урҭ дреиуоуп, драԥхьагылоуп иахьа 114 шықәса зхыҵра азгәаҳҭо Омар Беигәаа", –иҳәеит Инџьгиа.

Агәалашәаратә еиԥылара иалахәыз идырбан Омар Беигәаа изкыз авидеонҵамҭа, иахәаԥшаанӡа аԥсуа ҵарауаҩ минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит. Омар Беигәаа дҭоурыхҭҵааҩуп, дфольклориступ, дпоетуп. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп, аԥсуа, адыга уҳәа егьырҭ Кавказ ажәларқәа ретно-культуратә ҭоурых иадҳәаланы аҭҵааратә усумҭақәа жәпакы дравторуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0