Аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара иагырхахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание администрации президента.
Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, ԥхынгәы 2 рзы, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарратә напхгараҭарақәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи русзуҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵатәразы Аусԥҟа.

АҞӘА,  ԥхн 2 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә напхгараҭарақәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи русзуҩцәа рыштаттә хыԥхьаӡара аиҵатәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Аҳәынҭқарратә напхгараҭарақәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рорганқәа рыштат оптималла аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны аӡбра ҳадаҳкылеит Аԥсны абиуџьеттә система иаҵанакуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә напхгараҭара ацентртәи аҭыԥантәи органқәа рҟны азеиԥш штаттә хыԥхьаӡара  15 процент аркьаҿра, Аусԥҟа анапы анаҵаҩу инаркны  2015 шықәса нанҳәа 17 рҟынӡа ҿҳәарас ҳәа иаманы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Адокумент аҟны иарбоуп ишьақәыргылоу аԥҟарала Атәылахьчара аминистрреи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, атәыла Ахада иҟны иҟоу Аиҳабыратә еимадаразы Агентреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзуреи     рыштаттә хыԥхьаӡара оптималла ашьақәыргыларазы ажәалагалақәа Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ идгалатәуп  2015 шықәса ԥхынгәы 21 рҟынӡа ҳәа.

Иара убасгьы адокумент инақәыршәаны, атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩи Аԥыза-министри ирыдгалатәуп ажәалагалақәа Аминистрцәа Реилазаара Аппарати атәыла Ахада Иусбарҭа Аппарати рыштаттә хыԥхьаӡара 15 процент иреиҵамкәа аиҵатәразы.

"Абри Аусԥҟа иазыԥхьагәанаҭо абиуџьеттә ԥаразоужьрақәа иарбоу  аорганқәеии аусҳәарҭақәеи русзуҩцәа (рмаҵзурауаа)  рматериалтә гәазыҟаҵара ирзырхахоит. Иарбоу аорганқәеи аусҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәа ишьақәыргылоу аԥҟарала аус адырулароуп иагьышьақәдырӷәӷәароуп русуҩцәа русура храс иамоу ахәшьара", — ҳәа аҳәоит Аусԥҟаҟны.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аус аднаулароуп иагьышьақәнарӷәӷәароуп абиуџьет усхк аҟны аусуҩцәа рџьаԥсахәы аусхктә система 2015 шықәса нанҳәа 17 рҟынӡа ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Иарбоу Аусԥҟа анагӡаразы ахылаԥшра рнапы иануп Аԥсны Аԥыза-министри Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩи, араионқәеи Аҟәа ақалалқьи рхадацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0