Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Аԥсны ашколқәа иреиӷьыз роушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара.
2015 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгеит 2039-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтәи 50-ҩык ибзианы рҵара хдыркәшеит, фҩык ахьтәы медалқәа ранашьахеит, аӡәы – араӡны медал.
Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аушьҭымҭа, амедалист Синан Ԥоцхор-иԥа ирҵаҩцәа ҭабуп ҳәа раҳәаны ԥхьаҟазы планқәас имоу ртәы даҳзалацәажәеит.
Аныҳәатә уснагӡатәқәа ирыцҵан Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны. Уаҟа аушьҭымҭацәа рзы еиҿкаан аныҳәатә концерт. Ахәылԥаз апрограмма иалахәын ареспублика акәашаратә коллективқәеи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи.

1/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара ацеремониа.

2/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Ахәылԥаз алагамҭаз аҿарацәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит.

3/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аҿар ашкол аҟны ироуз адыррақәа урҭ раԥхьаҟатәи реихьӡарақәа ирышьаҭахоит.

4/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба ихаҭа аушьҭымҭацәа ашкол ишалгаз атәы зҳәо аттестатқәа рнапаҿы идиркит.

5/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аушьҭымҭацәа рашьҭахьҟа инрыжьит ашколтә ԥышәарақәа, раԥхьаҟа ирзыԥшуп астуденттә ԥсҭазаара, иҿыцу аҩызцәа, алшарақәа, иҟалап, шьоукы ақалақь ҿыцқәеи аҳәаанырцә тәылақәеи ирызцар.

6/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәаларц уахь дымҩахыҵит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба.

7/17
© Sputnik Томас Тхайцук
2015 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгеит 2039-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтәи 50-ҩык ибзианы ҳәа рҵара хдыркәшеит, фҩык ахьтәы медалқәа ранашьахеит, аӡәы – араӡны медал.

8/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭа Қьаазым Кәыр-иԥа ашкол хьтәы медалла далгеит.

9/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Азанааҭқәа алызхыз аушьҭымҭацәа рҵарақәа ирылганы рыԥсадгьыл ҿиарц азы ирылшо ҟарҵароуп.

10/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Рҩызцәа еиҳабацәа рымш рыдырныҳәаларц аушьҭымҭацәа рныҳәахь имҩахыҵит аиҵбыратә классқәа рхәыҷқәа.

11/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аушьҭымҭацәа ашәа рзырҳәеит аԥсуа естрада артистцәа.

12/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Рхатә программа рыманы афилармониа асценаҟны иқәгылеит Аԥсны акәашаратә коллективқәа.

13/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аныҳәатә уснагӡатәқәа ирыцҵан Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҟны. Уаҟа аушьҭымҭацәа рзы еиҿкаан аныҳәатә концерт.

14/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аушьҭымҭацәа рныҳәа аҭыԥҳацәа лымкаала рҽазыҟарҵоит, иблахкыгоу аҵыкқәа рӡахуеит.

15/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Ахәылԥаз аҟны иреиӷьу лалхра даара иуадаҩхон.

16/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Акәашаҩ қәыԥшцәа рыкәашарала аԥшаҳәаҟны еизаз дырлахҿыхуан.

17/17
© Sputnik Томас Тхайцук
Аушьҭымҭацәа ашәа рзырҳәеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәагьы.