00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳазалхратә усбарҭа ашәҟәы иҭанагалоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҳәаа. Архивтә фото.
Аҳәаа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа адырра ҟанаҵеит 2015 шықәса рашәарамзазы Аԥснынтәи 40 тонна ақыҭанхамҩатә аалыҵ ашәҟәҭагалара шазнауз.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Саид Барганџьиа. 2015 шықәса рашәарамзазы  Аԥснынтәи 40 тонна ақыҭанхамҩатә аалыҵ ашәҟәҭагалара шазнауз азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа, ари  2% рыла еиҳауп ҵыԥх, абри аамҭаан аасҭа.

"Аҳазалхратә Еидгыла аҳазалхратә ҳәаа ахатәхархәаразы атауар ахызго ахатәхаҿқәа реиҭаҵреи урҭ рҭыжьра иадҳәалоу аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара аԥҟарази. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, атәылауаа ирылшоит Аҳазалхратә Еидгыла аҵакырадгьылахь аҳазатә баџь ахымшәаакәа иаларгалар  атауар, ԥаратә еквивалентла 1500 евро наӡо, капанла 50 кьыла иахымсуа", — ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Адекларациа зызуу атауар ахәԥсала мамзаргьы акапан ала анормақәа иреиҳахар, аҳазатә баџьқәа ахшәаатәуп иаку ақәҵатә ала – аҳазатә хәыԥса аҟынтәи 30%, аха кьылак азы 4 евро еиҵамкәа.

"Акоммерциатә партиақәа ралагалара рхыԥхьаӡаратә норма азакәанԥҵара  иҳәаақәнаҵом, акоммерциатә еидара аҳазатә хәыԥсаҟынтәи иахыххоит  НДС – 18%", — ҳәа аҳәоит ААУ  асаит.

Афедералтә ҳазалхратә маҵзура ишаанацҳауала Урыстәыла аԥсуа аалыҵ аганахьала ахархәара анаҭоит зых иақәиҭу ахәаахәҭра арежим, уи аиԥш ахәаахәҭра ИАР атәылақәеи иареи рҟны ахархәара амоуп.

"Аҳазалхратә баџьқәа арҭ атауарқәа ирхырхуам, аҩныҵҟатәи ашәарақәа рымацара роуп ирхыххо", — аҳәоит аҳазалхра асаит.

Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа асаит аҟны ирыҩуеит иламысцқьам тәылауаак азакәан иацәхьакны атауар ахыгара рҽазыршәоит ҳәа.

"Ику ҩынтәшәара иқәшәоит рҳәоит. Ас зуа акоммерсантцәа "рымдырра" административтә штраф ахыршәаар акәхоит", — азгәарҭоит урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа.

2015 шықәса рашәарамзазы Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ихацдыркит 12 ус, административтә зинеилагарахь иаҵанакуа. Зҳазалхратә еиҿкаара аԥҟарақәа еилагоу ԥшь-тоннак аалыҵ аарԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0