Иҭахаз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рмемориал Аҟәа иаадыртит

© Sputnik Роберт ДжопуаОткрытие мемориала.
Открытие мемориала. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рзаанаҭтә мшы аҽны Аҟәа иаадыртит иҭахаз аусзуҩцәа рбаҟа.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраани аибашьра ашьҭахь рмаҵзуратә уалԥшьақәа анынарыгӡози иҭахаз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа  рбаҟа аадыртит ахәаша, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашаҭаҿы, ГАИ аусзуҩцәа рзаанаҭтә мшы аҽны.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Нугзар Шьоууа иазгәеиҭеит ауснагӡатә аҵакы ҳарак ду шамоу.

"Иахьа, асовет аамҭақәа раахыс иазгәарҭо ныҳәатә мшуп. Аҳәынҭавтоинспекциа иахыҵуеит  76 шықәса. Ари абаҟа рызкуп ҳфырхацәа, ианаҭахыз аамҭаз зыԥсадгьыл зыхьчоз, аибашьра ашьҭахьгьы знапынҵақәа рынагӡара ашьҭахь зыҩныҟақәа изыхнымҳәыз. Шәгәы иаанамган урҭ иахьа заҵәык ауп ианаҳгәалашәо ҳәа. Ҳара ҳаԥсы ҭанаҵы, урҭ еснагь ҳгәалашәараҿы иаанхоит", — иҳәеит Шьоууа.

"Аҳәынҭавтоинспекциаҿы апроблемақәа ыҟам сҳәар имцуп. МВД егьырҭ аструктурақәа зегьы рҟнеиԥш араҟагьы ауадаҩрақәа рацәоуп, аха ҳара ҳусура иацаҳҵалоит, ҳнапы иану аусқәагьы шынаҳагӡац инаҳагӡалоит, алҵшәа бзиақәагьы раарԥшра ҳазыхиоуп", — иҳәеит Нугзар Шьоууа.

Амемориал аартра ацеремониа рхы аладырхәит иҭахаз автоинспекциа аусзуҩцәа рыуацәеи рҭынхацәеи, атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

"Атәыла Ахада ихьӡалеи атәыла анапхгара зегь рыхьӡалеи ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп автоинспекциа аилазаара аусзуҩцәа зегьы имариам шәусуразы. Ҭабуп ҳәа шәаҳәо сшәеихырхәоит  иҭахаз рҭаацәарақәа", — иҳәеит Витали Габниа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахеит ҩыџьа автоинспекциа аусзуҩцәа, аибашьра ашьҭахь, рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан – жәаҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0