Сонер Гогәуа: Аԥсны иалшоит иҵегьы аԥара арҳара

© Sputnik Томас Тхайцук"Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны" апрезидент Сонер Гогәуа. Архивтэ фото.
Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны апрезидент Сонер Гогәуа. Архивтэ фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны" апрезидент Сонер Гогәуа Аԥсны атранзитбжьара аԥҵара алыршара атәы далацәажәеит.

АҞӘА ԥхынгәы 2 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны иалшоит аекономикатә феида бзиа аиура, Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара атауарқәа рынеиҭас-ааиҭасразы транзитбжьаран иҟалар ҳәа Sputnik аинтервиу аиҭеит "Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны" апрезидент Сонер Гогәуа.

"Занааҭуаак ирыԥхьаӡоит  Аԥсны аекономика аҿиара зыдҳәало ақыҭанхамҩеи атуризми рымацара роуп ҳәа. Сара уи сақәшаҳаҭӡам. Ҳара иҳамоуп ирацәаны алшарақәа ари аганахьала. Урҭ ируакны сахәаԥшуеит атранзитбжьысырҭа",  - иҳәеит иара.

Гогәуа ишазгәеиҭаз ала Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра аҿиаразы иҟоу амшын баӷәазақәа, атранзитбжьысырҭақәа, атерминалқәа азхом. Иарбанызаалак атәымҳәынҭқарратә ӷба, Новороссисктәи абаӷәазаҟны, иақәу атауар ақәхразы хымш-ԥшьымш иԥшыроуп.

Урыстәыла  ачарыц рацәаны Ҭырқәтәылаҟа идәықәнаҵоит, убри аан  Урыстәыла аладатәи акалҭ аҟны имаҷӡоуп уи азы аиҿкаара ҷыда змоу  абаӷәазақәа, азгәеиҭеит анаплакҩы.  Ҭырқәтәылантәи  инарышьҭуеит аба, афатә аалыҵ, аргыларамаҭәахәқәа, ациҵеит иара.

"Абра ицәырҵуеит азҵаара. Аԥсны иҟоуп амшын баӷәазақәа хԥа, аихамҩа, амашьынамҩақәа, нас избан ари атауар ара иҳадкыланы нас Урыстәылаҟа иззаҳмышьҭуа? Кьылацыԥхьаӡа ахшәаагьы ҳаулон. Урыстәыла иазыфеидан  атауар еиҳа иласни ахә еиҵатәни аиура, Ҭырқәттәыла – атауар еиҳа иласни ахә еиҵатәни ашьҭра", — иҳаилиркаауан Гогәуа.

Аԥсны аҵакырадгьыл аҟынтәи Уррыстәылаҟа  баџьда зтауар зышьҭыр зҭахны иҟоу аҭырқәа наплакыҩцәа рҟынтәи  ажәалагалақәа ҳауа иалагахьеит, иҳәеит Сонер Гогәуа.

"Аԥсныҟа аба аагазар, аҵыхәтәантәи аус адулара ара имҩаԥгазар, нас баџьда Урыстәылаҟа ишьҭызар, атауар ахаҭаԥса акыр еизҳауеит", — иҳәеит иара.

Ареспублика транзитбжьысырҭаны иҟаларазы атәыла анапхгара ари аидеиа анагӡара иадгылароуп, урыстәылатәии ҭырқәтәылатәии аганқәа арҭ алшарақәа ртәы иахьынӡахәҭоу ирыздырам", — ҳәа иԥхьаӡоит Гогәуа.

"Анапхгареи абизнеси рхаҭарнакцәа рделегациақәа Ҭырқәтәылаҟа ишьҭлатәуп, уаҟа идеилыркаатәуп иҳамоу алшарақәа ртәы. Ари апроцесс иадыԥхьалатәуп  Ҭырқәтәыла атауар аазхәо урыстәылатәи анаплакыҩцәагьы. Убри азы иалшоит аекономикатә форум аиҿкаара", — ациҵеит иара.

Сонер Гогәуа иара убасгьы иазгәеиҭеит  аҳәаанырцәтәи анаплакыҩцәа рзы иҭацәу аҭыԥқәа рыҟамзаара апроблема.

"Аинвесторцәа рзы ипроблеманы иара убасгьы иҟоуп Аԥсны зегьы кны иахьыҟоу. Адунеитә практика инақәыршәаны, аиҳабыра зых иақәиҭу анаплакытә зонақәа аԥнаҵалароуп. Аинвестор изы аҭыԥ алхны, афымцеи, аканализациеи  амҩақәеи аднагалароуп. Аҭырқәа инвестор ихала иргылоит ашьҭаҵарҭа, азауад, итауаргьы баџьда Урыстәылаҟа ишьҭлоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны аҵакырадгьыл иалганы  арацәа Ҭырқәтәылаҟа ашьҭра иунарбоит ареспубликаҟны атранзитбжьара аԥҵара шалшо, азгәеиҭеит иара.

"Афонд Аԥсны" апрезидент ишиҳәаз ала Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара атауареикәыршара иартәоит ҩышә-миллион доллар, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара — хәышә миллион доллар.

Ажәабжьқәа зегьы
0