Америкатәи аесминец Амшын Еиқәа аӡқәа рахь иҭалеит

© Фото : U.S. NavyАмерикатәи аесминец Лабун
Америкатәи аесминец Лабун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аесминец Porter (DDG 78) акомандир иазгәеиҭеит Амшын Еиқәаҟны аибашьыга ӷбақәа рыҟазаара арегион аҟны аҭышәынтәалара аиҿкаара иацхраауеит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы  6 —Sputnik.  Еиду Америкатәи Аштатқәа рырра-мшынтә мчрақәа ирыҵаркуа аракетатә есминец Porter (DDG 78) Амшын Еиқәа аӡқәа рахь иҭалеит  ԥхынгәы 5 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости (Америкатәи Аштатқәа рырра-мшынтә мчрақәа аофициалтә саит ҵаҵӷәыс иарбаны).

"Аесминец Амшын Еиқәаҟны аҟазаара ишьақәнарӷәӷәоит Еиду Америкатәи Аштатқәа НАТО иалоу атәылақәеи егьырҭ Амшынеиқәатә ҩызцәеи рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәеи аоперативтә лшарақәеи рырӷәӷәара иадгылаҩны ишыҟоу", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Аесминец Porter (DDG 78) акомандир Блеир Гаи, иазгәеиҭеит Амшын Еиқәаҟны аибашьыга ӷбақәа рыҟазаара арегион аҟны аҭышәынтәалара иацхраауеит ҳәа.

Рашәарамза анҵәамҭазы Амшын Еиқәа аҟны аесминец USS Porter (DDG 78) акласс иаҵанакуа америкатәи аминамҩаԥгаҩ "Лабуни" Румыниа Арра-мшынтә мчрақәа рыӷба "Еустатиу Себастиани" еицымҩаԥыргеит аҳаиртә хыхьчаразы аҽазыҟаҵарақәа. Иара убасгьы "Лабун" алахәын Қырҭтәыла Аҟәарахьчара амаҵзура Баҭым ақалақь аҟны имҩаԥнагоз арратә ҵарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0