Ажурналист Григориадис: абырзен жәлар ртәыла аимыжәжәара алдыршом

© Sputnik Томас ТхайцукГеоргиос Григориадис.
Георгиос Григориадис. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афины ақалақьаҿ иҟоу Аҟәатәи абырзенцәа ркультуратә еилазаара ахантәаҩы, аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист Георгиос Григориадис, Бырзентәыла иҟоу акризис ахҳәаа азуа, иара аӡбра иамоу аԥеиԥш атәы даҳзалацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Бырзентәыла ишьақәгылеит иуадаҩу аекономикатә ҭагылазаашьа, абар уажәшьҭа зо-шықәса инарзынаԥшуа еизаз ауали иара аҭышәныртәаларазы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Еврокомиссиеи, Европатәи ацентртә банки ирыдыркылаз ауснагӡатәқәеи ирыхҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист  Георгиос Григориадис.

"Арҭ ауснагӡатәқәа уажә ишаабо ала, аханатәгьы ииашамызт, убри азоуп атәылагьы еиҳагьы иуадаҩыз аҭагылазаашьахь изкылыргаз", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара иажәақәа рыла, абырзенцәа р-"мап"  иаанагаӡом еврозонеи евроеидгылеи рылҵра. Абырзен жәлари анапхгареи ирҭахуп  евро азонаҟны аанхара, избанзар амилаҭтә валиута – адрахмахь аиасра  уажәазы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы иарцәгьар алшоит.

Зхатәы милаҭтә валиута змам атәылақәа аекономикатә проблемақәа риааира еиҳа ирцәыцәгьоуп ҳәа азгәеиҭеит иара. Араҟа иазымхо абанкнотақәа узкьыԥхьшам.

Аексперт: Бырзентәыла ала иубоит Евроеидгылаҟны аиҟарара аҭыԥ шамам

"Абырзен жәлар, ауалҳәаҩцәа "мап" ҳәа раҳәара зылшаз, ртәыла еимыжәжәа иқәырҵар рушам. Бырзентәыла адгылаҩуп ажәларқәа р-Европа, аха иадгылаҩым абанкқәа р-Европа. Абырзен жәлар аекономикатә уӷә иаҵоу егьырҭ  евроеидгыла иалоу ажәларқәа амҩа ддырбеит", — иҳәеит Григориадис.

"Макьаназы еилкаам иҟалаша. Ганкахьала Бырзентәыла Европазы аҵакы дууп, егьи аганахьала – анемец напхгара ацәшәара рымоуп Бырзентәыла аҳаҭырбацәара, избанзар Испаниеи, Италиеи, Португалиеи егьырҭ аладатәи атәылақәеи иара амҩа иқәлар ҳәа ишәоит. Иаарласны аус ӡбахоит аполитикатә ҟазшьа аҭаны", — азгәеиҭеит иара.

Бырзентәыла иҟан Урыстәыла адгылара иазыԥшыз, аха уи адгылара аекономикатә дгылара акәымхар ҟалап, еиҳарак адоуҳатә  дгылара акәхоит.

"Иахьазы аҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп. Аԥсҭазаара шцац ицоит. Еиԥҟьарада аус руеит адәқьанқәа, аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа егьырҭ урҭ реиԥш зеиԥшу аусбарҭақәа. Бырзентәылаҟа иаауеит аҳәаанырцәтәи атуристцәа. Арҭ амшқәа рзы ақалақьтә транспорт хәыда-ԥсада ауаа мҩаԥнагон. Ауаа раԥхьаҟа иԥшуеит, уаҵәтәи амш шыуадаҩхогьы", — ациҵеит иара.

Иманшәаламкәа ауаа рзы иҟоу абанкқәа ахьаркуи абанкоматқәа рҟынтәи аԥара ҳәааркны алхра ахьауеи роуп. Аха уигьы зыхҟьаз абырзенцәа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы рбанкттә ԥхьаӡарақәа рҟынтәи миллиардла аевро ахьалырхыз ауп – иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0