00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Шамиль Аӡынба: ашыц зынӡа иаҳцәыӡыр алшоит

Шамиль Адзинба
Шамиль Адзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба Аминистрцәа Реилазаара аилацәажәараҟны ашыц аиқәырхара азҵаара цәыригеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik, Саид Барганџьиа. "Огниовка" ҳәа изышьҭоу аҟанҷ иахҟьаны Аԥсны ашыц зынӡа иацәыӡыр алшоит — иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

"Пицунда абӷьы иаҵәа умбо ихыфаауп ашыц. Имҩаԥаагаз ахәышәтәрақәа рышьҭахь, агәыӷра ҳамоуп ашыц еиҭаҿиап ҳәа. Ари ашыц қәрала ари адгьыл аҟны раԥхьатәи аԥсуаа згәалашәо ҵиаауп", — азгәеиҭеит иара.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ашыц ахәышәтәра аҩбатәи аетап нанҳәамза алагамҭазы иазыԥхьагәаҭоуп.

"Иахәҭаны иҟоу аҳәынҭқарратә знеишьа ҳхы иаҳмырхәар ашыц зынӡа иаҳцәыӡыр алшоит", — иҳәеит Аӡынба.

Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда. - Sputnik Аҧсны
Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда

Иара убасгьы иациҵеит излауала иаарласны атехника аахәатәуп ҳәа. Аԥыза-министр Артур Амқәаб иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә анапхгара иҽрымеидарц игәы ишҭоу, аҟанҷ иаҿагыланы ақәԥараҿы ауснагӡатәқәа еицымҩаԥыргарц азы.

Ԥшьымш рыҩныҵҟа Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилаки, Пицунда-Миуссератәи аҳәырԥсарра анапхгареи, Акарантини аҵиаақәа рыхьчареи рзы аҳәынҭқарратә инспекциеи, Пицунда ақалақь Ахадареи имҩаԥыргон ашыц ахәышәтәра.

Аҵлақәа ирықәырҭәон ахимиатә маҭәашьар "Димилин". Иара аԥсаатәи ауаатәыҩсеи рзы шәарҭара амам. Ахәшәқәҭәара мҩаԥыргон адельтапланқәеи атракторқәеи рхархәарала.

Ашыцтә огниовка Аԥсны иаанагеит 2012 шықәсазы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рыриаҵәаразы Китаитәи ашыц шьаҭақәа, урҭ ирылан ари аҟанҷгьы.

Колхидатәи мамзаргьы Кавказтәи ашыц реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Азҳара ашьшьы-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак ацлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0