Иҭыҵит ажәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит..."

© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАжәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит..."
Ажәеинраалақәа реизга Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит... - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абзиабаратә жәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит…" ҭыҵит 300 цыра атираж аманы.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абзиабаратә жәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит…" ҭыҵит "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" аҟны. 

"Ари аизга шықәсык иназынаԥшуа аус адааулон. Аԥсуа поезиаҿы иреиӷьқәоу абзиабаратә жәеинраалақәа алҟәшәааны аизга иалаҳҵеит. Ашәҟәы ҳамҭа дууп аԥхьаҩцәа рзыҳәа", — иҳәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

Ашәҟәы аҭыжьра аидеиа шцәырҵыз атәы еиҭалҳәеит уи аиқәыршәаҩцәа руаӡәк, ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа.

"Аурыс классикцәа рлирикатә жәеинраалақәа реизгақәа сышрыԥхьоз "Абри аҩыза ашәҟәы ҳамазар бзиан" ҳәа сгәы иҭашәеит. Ашьҭахь "Алашара" аредакциаҟны Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа ианиасҳәа, Дмитри Габелиеи сареи дҳацәажәан, ҳаидгылап, иҟаҳҵап иҳәеит". 

Аизга аиқәыршәаҩцәа ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, ажурнал амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа, апоезиа аҟәша аиҳабы Дмитри Габелиа ирыӡбеит ашәҟәы иаларҵарц Дырмит Гәлиа инаиркны иахьа аҿар аҩра знапы алаку рҟнынӡа иреиӷьу рлирикатә жәеинраалақәа. 

"Иахьа иҳалагылам ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа "Аԥсуа поезиа антологиа" аҟнытә иалаҳхит, иахьа аԥсуа литература ихьтәы шьаҟаны иалагылақәоу ҳаԥсуа поетцәа рҩымҭақәа "Аԥсуа поезиа антологиа" аҟнытә еиԥш дара рхаҭа иаҳзааргазгьы ыҟоуп. Алирикатә жәеинраалақәа змаз, акьыԥхь аҟны ицәырҵхьоу, ҳаԥхьаҩцәа ирдыруа ҳәа аӡәы даанаҳмыжьит. Иҟоуп хатәгәаԥхарала ари ашәҟәы аҟны зҩымҭақәа анымларц зҭаххаз аӡәык-ҩыџьак рҟынӡа", — лҳәеит Альбина Анқәабԥҳа.

Ашәҟәы аиқәыршәара аус хацыркын 2013 шықәсазы. Ажәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит…" ҭыҵит 300 цыра атираж аманы. 


Ажәабжьқәа зегьы
0