"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ихацнаркит апроект ҿыц "Ани амаалықьи"

© Sputnik Сырма Ашәҧҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ихацнаркит апроект ҿыц "Ани амаалықьи"
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ихацнаркит апроект ҿыц Ани амаалықьи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект имҩаԥнаго аусура азы адырра иҭоуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов. Аминистр гәахәала идикылеит ас еиԥш хра злоу апроект аусура.

АҞӘА, пхн 13 — Sputnik, Сырма Ашәҧҳа. Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала, аусура иалагеит апроект ҿыц "Ани амаалықьи".

Ҳәарада, даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аԥуса ҭаацәарақәа рҿы ахшара рира. Урҭ излаҳалшо ала, адгылара раҳҭарц хықәкыс иҟаҵаны, афонд анапхгара иаӡбеит ас еиԥш иҟоу аус ԥшьа аиҿкаара, ҳәа азгәалҭоит ҷыдала апроект аусура знапы ианҵоу, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥҳа.

"Зусура  хацыркыу апроект ҿыц "Ани амаалықьи", ҿыц ахшара зауа аԥсуа ҭаацәарақәа роуп изызкыу. Апроект иазгәаҭоу аԥҟарақәа  ирықәныҟәоит.  Ан лымаалықь иааӡараҿы лхы иалырхәаша аҳамҭақәа лызҳархиеит. Уи хымԥада, маҷк иадымхаргьы ацхыраара лнаҭоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Аҳамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: ахәы зҭарҭәо аԥатлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа, уҳәа. Убарҭ инарҷыданы, ан, ииашаны лхәыҷы иааӡараҿы лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аԥсуа шәҟәқәа, аԥсуа ашәақәа зну ахәыҷқәа ирызкыу адиск. Урҭ зегьы рхаҭабзиара ҳаракыуп, ан лзы ихәарҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит", — ҳәа азгәалҭоит Асида Инаԥшьԥҳа.

Апроект имҩаԥнаго аусура азы адырра иҭоуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр  Андзор Гоов.  Аминистр гәахәала идикылеит ас еиԥш хра злоу апроект аусура. 

"Ҳара ҳапроект иаҵанакуеит фымз рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа.  Аҟәа араиони, Аҟәа ақалақьи инхо, ҿыц ахшара зауз аҭаацәарақәа, аҳамҭа роурц рылшоит  ҳфонд аофис аҟны.  Ҳреспублика егьырҭ араионқәа рҟны инхақәо рзы, афонд ахаҭарнакцәа, дара зҵазкуа араионқәа радминистрациақәа рахь инаргоит, апроект иаҵанакуа рзы заа адырра рыҭаны, нас уаҟа ирзеихыршоит.  Ҭаацәацыԥхьаӡа аҳамҭа роурц рылшоит ахәыҷы  ииразы Аршаҳаҭгала", — ҳәа азгәалҭоит Инаԥшьԥҳа.

© Sputnik Сырма Ашәҧҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ихацнаркит апроект ҿыц "Ани амаалықьи"
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ихацнаркит апроект ҿыц Ани амаалықьи - Sputnik Аҧсны
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ихацнаркит апроект ҿыц "Ани амаалықьи"

 "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аҭыӡҭыԥ:  ақ. Аҟәа, Пушки имҩа16, аусутә центр "Гәдоу-плаза"ахыбра, ахәбатәи аихагыла.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0