Есыԥхынра аԥсуа қыҭақәа рыҟны имҩаԥыргоит ажәытәра иалыхәхәа иаауа аныҳәа – Ацуныҳәа. Ишаԥу еиԥш аныҳәа ахьымҩаԥырго аҭыԥ ахь инеиуеит ҭаацәала.
Ажәытә ҵас ала, ишаԥу еиԥш, ақыҭаҟны қәрала иреиҳабу иоуп Анцәа имҵаныҳәо. Амрагыларахь ихы нарханы, иарманапала агәи агәаҵәеи зхоу арасамахә кны, иарӷьанапала аҵәца аанкыланы Чодиа Гәынба Анцәа димҵаныҳәоит.
Иныҳәара даналга, иикыз аҵәца иҭаз аҩы ыжәны агәи агәаҵәеи ргьама ибоит. Убри ашьҭахь ауп еизаз зегьы азин анрымоу ус аура. Узыхныҳәаз агәи агәаҵәеи ргьама убар иуҳәо ҟалоит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.
Аныҳәатә еишәаҟны амилаҭтә чыс ауп иқәырҵо – абысҭа, акәац, ачашә, ахарҵәы у.у.е. Ари амш аҽны аицәҳара, акы аимакра ҟалаӡом. Анцәа дургәаауеит ҳәа ишьоуп.
Аԥсуаа рыҟны ацуныҳәара мҩаԥыргоит ажәытәӡа аахыс. Ақыҭа ауааԥсыра Зегь зымчу еизаны имҵаныҳәоит, иҳәоит дырхылаԥшырц, аура бзиа роурц.