Алитератураҭҵааҩ Владимир Агрба 80 шықәса ихыҵит

© Sputnik Роберт ДжопуаВладимир Агрба
Владимир  Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны имҩаԥысит алитератураҭҵааҩ Владимир Агрба 80 шықәса ихыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.

АҞӘА, ԥхынгәы 21, Sputnik, Роберт Џьапуа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны имҩаԥысит алитератураҭҵааҩ, афольклорист, акритик, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба 80-шықәса ихыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара. Аныҳәатә еилатәара иалахәын аиубилиар иҩызцәеи аус ицызуеи.

Апоет Геннади Аламиа иазиԥхьаӡоит аиубилиар иусура аԥсуа литература аҿиаразы хра змоу акакәны иҟоуп ҳәа.

"Ари изы иуҳәаша акыр ирацәоуп. Аҵара ахьиҵоз Адунеитә литература аспирантураҟны аспирантцәа иреиӷьыз дреиуан. Иара ида аԥсуа литература аҿиара ухахьы аагара уадаҩуп. Иусурала иара илиршеит аҿаргьы реиҵааӡара", — иҳәеит Аламиа.

Аиубилиар иазиԥхьаӡоит ирҿиаратә мҩа иҵегь аихаҳара аиуан, аха аамҭа рацәа амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иазикит ҳәа.

"Сара сызлаҽхәаша ҳәа акгьы ыҟам ҳәа исыԥхьаӡоит. Санҿаз исылшон иҵегь еиҳаны иҟасҵарц, аха иамуит, избанзар арҿиара аасҭа еиҳаз аус саҿын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара саамҭеи сымчи ақәсырӡуан. Аԥсадгьыли ажәлари рзы ақәԥара аҭахын. Сҩызцәеи сареи ари ахықәказы акыр аус аауит. Анцәа иџьшьаны зегь маншәалахеит, араҟа ҳаԥшәымацәоуп ҳәа иахаԥаны иҟаз иахьа рыӡ-рыԥсӡы ааҩуам. Ҳара ихьыԥшыму ҳәынҭқарроуп – уи сгәы иахәоит. Ҳәарада, исҭахуп абри зегьы иазкны акы аҩра", — иҳәеит Агрба.

Алитератураҭҵааҩ, афольклорист, акритик, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба диит 1935 шықәса ԥхынгәы 10 рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 1959 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет аҟәша. 1965 шықәсазы далгеит Москва ақалақь аҟны Адунеитә литература аинститут аҟны иҟоу аспирантура. Шықәсык уи ашьҭахь иҵхьаны ихьчеит акандидаттә диссертациа, "Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭеи" атемала. Амонографиақәеи алитература-критикатә статиақәа реизгақәеи акыр дравторуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0