Очамчыра араион актив дыддырдырит Хьрыԥс Џьапуа

© Sputnik / Томас ТхайцукХьрыԥс Џьапуа
Хьрыԥс Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Ахада инапынҵақәа рынагӡара знапы иану Хьрыԥс Џьапуа араион аҟны иӡбам азҵаарақәа рацәаны ишыҟоугьы аусура маншәала амҩаԥгара дшақәгәыӷуа азгәеиҭеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22, Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион актив дыдирдырит 2015 шықәса ԥхынгәы 21 инаркны араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Хьрыԥс Џьапуа ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Атәыла Ахада иқәгылараҟны ахә ҳаракны ишьеит аҽа усурҭак ахь ииасра инадҳәаланы змаҵзура нзыжьыз, Очамчыра араион уаанӡатәи Ахада Беслан Аҳәба иусура.

Иара убри аан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Очамчыра араион аҟны аԥсахрақәа хымԥада иаҭахны ишыҟоу.

"Хьрыԥс Радион-иԥа араион аҟны иҿыцу уаҩым. Аамҭақәак рзы араион Ахадас дыҟан. Иаԥхьаҟагьы аус дуқәа изыԥшуп", — азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Беслан Аҳәба араион Ахадара аколлективи араион активи ҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргоз аусеицуразы, ирзеиӷьеишьеит ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа.

Хьрыԥс Џьапуа араион аҟны иӡбам азҵаарақәа рацәаны ишыҟоугьы аусура маншәала амҩаԥгара дшақәгәыӷуа азгәеиҭеит.

Аацҳамҭаҟны иара убасгьы иаҳәоит Рауль Ҳаџьымба ааигәа араион аҟны аҭыԥ змаз, Жәлар реизара адепутати Аӡҩыбжьа ақыҭа ауааԥсыреи злахәыз аинцидент акомментариақәа азиуит ҳәа.

"Даара аҵакы дуны иҟоуп адгьыли иара аихшареи рызҵаарақәа аус зуа "Адгьыл азы азакәан" инақәыршәан мацара рыӡбара", — азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аинцидент аганахьала азинхьчаратә органқәа аусура иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0