Аԥсны ахада усутә визитла Ҭаҭарсҭан дыҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Архивтә фото
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба хадас дызмоу аԥсуа делигациа Ҭаҭарсҭанҟа ицеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аделегациа алахәылацәеи иахьа ашьыжь Казань ақалақь иаҭааит ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Аацҳамҭаҟны иҳәоуп, Казань ақалақь аҳаиртә баӷәазаҟны аԥсуа делегациа Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы Фарид Мухаметшини Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩеи ааглыхреи рминистр Марат Ахметови рԥылеит ҳәа.

"Рауль Ҳаџьымба дырԥылараны дыҟоуп Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҳәынҭқарратә бжьагаҩ Минтемир Шаимиеви аамҭала ареспублика апрезидент инапынҵақәа назыгӡо Русҭам Минниханови", — аҳәоит асаит аҟны.

Рауль Ҳаџьымба ивизит 2015 шықәса ԥхынгәы 25 рҟынӡа имҩаԥысуеит.

Авизит амҩаԥгараан иазыԥхьагәаҭоуп аамҭала ареспублика апрезидент инапынҵақәа назыгӡо Русҭам Минниханови ареспублика аиҳабыра алахәылацәеи рԥылара.

Авизит иахықәкы хаданы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ҭаҭарсҭани рыбжьара аекономикатә усеицура арӷәӷәареи арҿиареи. Рауль Ҳаџьымба дырҭаараны дыҟоуп иҷыдоу аекономикатә зона "Алабуга" иаҵанакуа, атехнологиа ҳаракқәа русхк аҟны аус зуа анаплак дуқәа, агроааглыхратә паркқәа, атехнопаркқәа.

Атәыла ахада дымҩаԥыргоит Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Сериков, атәыла ахада иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0