Амҩатә машәыр иахҟьаны ааха зауз ахәышәтәырҭахь инагоуп

© Фото : МЧС РАДТП на дороге, ведущей к озеру Рица. Фото с места события.
ДТП на дороге, ведущей к озеру Рица. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын иаҳзеиҭеиҳәеит амҩатә машәыр аан ааха зауз рҭагылазаашьа атәы.

ГАГРА, ԥхынгәы 23, Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Асааҭ жәаба рҟынӡа инеихьан Гагратәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭахь ианнаргаз аӡиа Риҵахь узго амҩаҟны амашәыр иақәшәаз иҳәеит Гагратәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

"41-шықәса зхыҵуа, Санкт-Петербург инхо Наталиа Севриуковеи уи лыԥҳа, ԥшьы-шықәса зхыҵуази амашьына ашә аатын икаҳаит. Ан лшьапы ԥҵәоуп, ахәыҷы макьанагьы дрымбацт. Егьырҭ апассаџьырцәа ааха ӷәӷәа рымам", — иҳәеит Аргәын.

Бзыбтәи аиҩхааҟны амашәыр иақәшәаз амашьына аԥсҟы зкыз ижәны дыҟан

Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада иажәақәа рыла Севриукова Аԥсны аоперациа аҟаҵара мап ацәылкуеит.

Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа зҭаз автомашьын аӡиа Риҵахь узго амҩаҟны аҿҟьара иагеит ахаша, ԥхынгәы 22 рзы.

Амҩатә машәыр ҟалеит асааҭ жәба аламҭалаз. Липецктәи аобласт аномерқәа змаз автомашьына Кроссовер аӡиа Риҵаҟынтәи Бзыбтәи аиҩхаа иҭаланы илбаауан. 18 акилометр аҟны амашьына ацаҟьа ианҟьан, аӡиас иалаҳаит. Быжьҩык апассаџьырцәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь инаган. Ԥшьы-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы лхабар ыҟам, уи аӡы дагазар ҟалап ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0