АҞӘА, ԥхынгәы 23, Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура иаанацҳаит ахаша, ԥхынгәы 22 рзы аҭыԥ змаз амҩатә машәыр аҟны хабарда иӡыз аӡӷаб хәыҷ Дариа Михальскаиа лыԥсыбаҩ рыԥшааит ҳәа.
"Аӡӷаб лыԥсыбаҩ рыԥшааит 15:30 рзы, амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи жәа-километрак инахыганы. Аԥсыбаҩ Гагра араионтә хәышәтәырҭа аморг ахь ииагоуп", — ҳәа ааицҳауеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа зҭаз автомашьын аӡиа Риҵахь узго амҩаҟны аҿҟьара иагеит ахаша, ԥхынгәы 22, асааҭ жәба рзы.
Амҩатә машәыр ҟалеит асааҭ жәба аламҭалаз. Липецктәи аобласт аномерқәа змаз автомашьына "Ssang-Yong" аӡиа Риҵаҟынтәи Бзыбтәи аиҩхаа иҭаланы илбаауан. 18-тәи акилометр аҟны амашьына ацаҟьа ианҟьан, аӡиас иалаҳаит. Быжьҩык апассаџьырцәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь инаган. Урҭ рҟынтәи хәҩык ибаргәыз ааха рмоуит. Санкт-Петербург инхо Наталиа Севриукова ахәышәтәырҭа дҭоуп. Ԥшьы-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы лхабар ыҟамызт.