Аԥсны абираҟ амш азгәаҭара хдыркәшеит аныҳәатә концерти асалиути рыла

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа абираҟ амш
Аԥсуа абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абираҟ амш хыркәшахеит ажәлар ирзеиԥшыз ачча-хәмарреи аныҳәатә салиутқәеи рыла.

АҞӘА, ԥхынгәы 24, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш хыркәшахеит акәашаратә коллективқәеи аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт ала.

Абираҟ — атәыла ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирсимволуп иҳәеит Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.

Аныҳәатә мшы иазкны Тото Аџьапуа ашәа ҿыц "Аԥсуа бираҟ" иҩит. Ажәақәа авторс дрымоуп Аԥсны афырԥҳәыс Мзиа Беиаԥҳа. Аныҳәаҟны ашәа нарыгӡеит автор Тото Аџьапуеи ашәаҳәаҩ Асҭамыр Кәыҵниеи.

"Абираҟ — ажәлар рымчра иасимволуп. Абри аҩыза аныҳәа ада ҳиааирагьы аиқәырхара уадаҩуп. Ҳара зегьы аибашьра агәаларшәара ҳаҟәыҵны ашәаҳәара ҳалагароуп", — иҳәеит Аџьапуа.

Аҟәа ақалақьуаҩ Абзагә Марыхәба иазгәеиҭеит Абираҟ амш жәлар зегь ирзеиԥшу ныҳәаны иҟалеит ҳәа.

"Ақалақь аҟны ирацәам аныҳәақәа зегь рхы аладырхәыртә еиԥш еиҿыркаауа. Иахьа ауаа гәырӷьоит, икәашоит, ишәаҳәоит. Сахьрыхәаԥшуа сгәы иазҳауеит. Ҳара ҭаацәаныла амилаҭ маҭәақәа ҳашәҵаны ҳааит. Ауаа ҳадгылан рпатреҭ аҭыхразы иҳаҳәон", — еиҭеиҳәон Марыхәба.

Иара убри аан иазгәеиҭеит уажәазы ақалақь ауааԥсыра еиҳа имаҷны аныҳәа амҩаԥгара аинциатива иадгылеит ҳәа.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы ажәлар еиҳа ирацәаны аныҳәа рхы аладырхәуан. Еиҳа ирацәан амилаҭ маҭәа зшәызгьы. Агәыӷра сымоуп ари аҭагылазаашьа ҳаԥхьаҟа аҽеиҭанакып ҳәа. Абираҟ амшныҳәагьы ԥхьаҟагьы имырӡкәа еиҳагьы идырҭбаап ҳәа» иҳәеит Марыхәба.

Аԥсны абираҟ раԥхьатәи аекземплиар амузеи аҟны ицәырыргеит

Ажәлар рныҳәа хыркәшахеит амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥгаз асалиут ала. Асалиут ақалақь ауааԥсыра ҳамҭас ириҭеит урыстәылатәи абизнесуаҩ, апиротехникатә еилахәыра адиректор хада Владимир Гнатиук.

"Ари асалиут, ареспубликақәа ҩба, Аԥсни Мордовиеи реиҩызара иашьаноуп. Ҳара ҳаилахәыра 2013 шықәсазтәи Аиааира амшныҳәагьы иалахәын. Сынтәи, аинциатива ҳара иаҳтәын, асалиутгьы гәыҳалалратә салиутуп. Сара Аԥсны ацнаплакы сымоуп. Ҳара аусеицуреи арҿиараеи ҳарзыхиоуп", — иҳәеит Гнатиук.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, самырзаҟан, дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволны иҟоуп.

© Sputnik Томас ТхайцукДень Флага РА
День Флага РА - Sputnik Аҧсны
День Флага РА
Ажәабжьқәа зегьы
0