Арратә прокуратура ААМ (СГБ) аусуҩцәа рганахьала аусҭҵаара хацнанаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҟны инхо ауаҩԥсы, асабша, ԥхынгәы 25 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа араион аҟны дрыпҟеит Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Арратә прокуратура имҩаԥнагоит аусҭҵаара, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа атәылауаҩ Асҭамыр Гьерхьелиа дахьырыпҟаз инадҳәаланы ҳәа ааицҳаит атәыла арратә прокурор инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгьиз Нарманиа.

Ҭенгьиз Нарманиа ауснагӡатәқәа рцашьа аганахьала ахҳәаа аҟаҵара мап ацәикит.

"Аусурақәа аныхҳаркәшалак ашьҭахь иҟаҵоу алкаақәа рылаҳәахоит", — азгәеиҭеит ареспублика арратә прокурор инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгьиз Нарманиа.

Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҟынтәи дшыхынҳәыҵәҟьаз еиԥш, атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылбеи амчратә органқәа рхадацәеи алархәны изаамҭанытәим аилацәажәара мҩаԥыргеит.

Атәыла ахада адҵа ҟаиҵеит ахара зду еилкааны аҭакԥхықәра рақәыршәаразы иахәҭаны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡарц.

Рауль Ҳаџьымбеи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩи еилацәажәеит

Ари анапынҵа шынарыгӡо азы ахылаԥшра инапы иануп Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

ААМ (СГБ) аоперативтә усзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҟны инхо Асҭамыр Гьерхьелиа даанкыланы дрыпҟеит, нас ААР (УВД) ахь днаргеит, аха уаҟа уи ауаҩ иаанкылара азиншьаҭа ахьамаыз иахҟьаны иара убри амш аҽны ихы дақәиҭтәын.

Абри ахҭыс аганахьала ареспублика Арратә прокуратура Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рганахьала ашьаус хацнаркит.

Аусҭҵаара ҷыдала хылаԥшра азиуеит Апрокурор хада Алықьса Ломиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0