Амҵәышә аԥсуа инхараҿы нахьнатә аахыс ихы иаирхәоит. Анхаҩы амҵәышә иманы аҵла дықәлоит, ашәыр ииҭаауа уахь иҭеиԥсоит. Амҵәышә анҭәлак ашахала ҵаҟа илыбааишьҭуеит. Аиҳарак, мҵәышәала ашәыр ҩыџьа ирҭаауеит, руаӡә аҵла дықәлоит, егьи ҵаҟа амҵәышә амхны ашәыр акалаҭ иҭеиԥсоит. Аха ашәыр аӡәы ихала иҭааргьы ҟалоит, амҵәышә анҭәлак шахала илыбаашьҭны аҵыхәа аҵаррала адгьыл иҵаирсуеит, нас длыбааны уи ҭаирцәуеит. Амҵәышәа еизыхәхәоу аформа амоуп уи рҭәны ҵаҟа ианлыбаарышьҭуа амахәқәа ирҿамԥарц азы. Амҵәышәала ирҭаауеит – ажь, аҵәа, аҳа, ахәырма уҳәа еиуеиԥшым ашәырхкқәа.
Аацы ақыҭа инхо ауасҭа бзиа Кәасҭа Аҩӡба амҵәышә аҟаҵара апроцесс ахы инаркны аҵыхәанӡа ишымҩаԥысуа ҳирбеит.

1/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Амҵәышәа ашшра

2/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Амҵәышә аҟаҵара иалагоит ал иалху аҵыхәа ала. Уи ҩ-мацәак иҭаԥҟаны аиха ршны икылырҵәоит, анаҩсан амҵәышә авакьыцқәа аладыргылоит.

3/11
© Sputnik Томас Ҭҳаиҵыкә
Амҵәышә аҟаҵаразы аиҳарак рхы иадырхәоит арасатә ма акаламтә быца. Арсатә быца алхра аан акыр алԥшаара аҭахуп, абыца узырҷаӡом уи злухуа алаба амахәҭақәа амазар.

4/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Амҵәышә аҵыхәа авакьыцқәа раларгыларазы 17 ма 19-џьара икылырблаауеит, урҭ ахыԥхьаӡарақәа еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ашышразы. Авакьыцқәа рхыԥхьаӡара еиҟарамзар ауп, ианеиҟраха амҵәышә иакәуршо амзарҷ еиқәылоит.

5/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Амҵәышәа ашышразы зны абыца дырҷоит.

6/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Ирҷоу абыца - амзарҷ ала амҵәышәа авакьыцқәа ирыбжьданы ауасҭа ашышра далагоит.

7/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Амҵәышә ахырҷаразы арасатә лабақәа ахы иакәыршатәуп.

8/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Ауасҭа амҵәышә анишыш, алтә ҵәаҳә аҟаҵара далагоит.

9/11
© Sputnik Томас Ҭҳаиҵыкә
Анаҩсан имазеиу аҵәаҳә амаа икылихуеит.

10/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Уи ашьҭахь аҵәаҳә амҵәышә иаларгыланы ихирҷоит.

11/11
© Sputnik, Томас Ҭҳаиҵыкә
Уажәшьҭа ашәыр аҭааразы имазеиуп аџьабаа зыдбалаз амҵәышә.