Лыхны ақыҭантәи аҽыз Аԥсны ахада Ихраҿазы аҽырыҩраҟны аԥхьахә агеит

© Sputnik Илона ХварцкияМеждународный турнир по конному спорту на Кубок президента Абхазия
Международный турнир по конному спорту на Кубок президента Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 2 рзы Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа.

АҞӘА, нанҳәа 3 — Асҭанда Арӡынԥҳа. Амҽыша, нанҳәа 2 рзы, Бзыԥтәи аипподром аҟны имҩаԥысит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа.

Жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рҟны иреиҳаз аԥхьахә — Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа анашьахеит Алхас Лакоба иҽыҩ (аҽыҩҷкәын Анзор Саманџьиа). Анзор Саманџьиа иажәақәа рыла, англыз ҽыҩжәла Офицер Кингстон изныкымкәа еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҟны аԥхьахәқәа анаршьахьеит.

"Ҳара аиааирақәа аагахьеит Аԥсны, Урыстәыла. Аиааирақәа ҳрышьцылахьеит. Арҭ аиндаҭларақәа ҳара ҳҽырзыҟаҳҵон шықәсык инаҩсуа. Ҳзындаҭлоз, Аԥсны иреиӷьыз аҽыҩқәа шракәу аадыруан", — азгәеиҭеит Саманџьиа.

Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аилак ахантәаҩы Баграт Хәытаба иажәақәа рыла, атурнир иалахәын Аԥсны, Адыгатәыла, Ҟабарда-Балкариа, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа. Мышктәи атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла ахада Ихраҿа адагьы еиҭа аԥхьахәқәа хәба ргаразы еицлабуан.

"Ихадаз аҽырыҩраҟны иалахәын 2013 шықәсазы зегь реиҳа иццаку ҳәа иалкааз аҽыҩ Скаи Глори (Краснодартәи атәылаҿацә). Аицлабрақәа рхы рыладырхәырц арахь иааит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи аспортсменцәа, иара убасгьы Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи, аказакцәагьы рхаҭарнакцәа аицлабра иалахәын", — иҳәеит Хәытаба.

Хәытаба иажәақәа рыла, атәыла ахада Ихраҿа аԥхьахәтә фонд иартәон миллионк мааҭ, 500 000 мааҭ — актәи аҭыԥ азы, 300 000 мааҭ — аҩбатәи аҭыԥ азы, 200 000 мааҭ — ахԥатәи аҭыԥ азы. Иааидкыланы атурнир зегьы аԥхьахәтә фонд ҩ-миллион мааҭ инаӡон.

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба иажәақәа рыла, аҽытә спорт ареспубликаҟны еиҳа-еиҳа аҿиара аиуа иалагеит.

"Аҽырыҩра –еиҳа-еиҳа ирылаҵәо милаҭтә спорт хкны иҟоуп. Ихацырку аус даара ибзиоуп, сгәы иаанагоит ԥхьаҟагьы аҿиара аиыуп ҳәа. Акыр шықәсақәа раахыс раԥхьаӡа акәны избоит абри аҩыза аиҿкаара бзиа, ашәарҭара зцу ари аспорт хкы аҟны иҟалар зылшо зегь рзы агәҽанҵарақәа азыԥхьагәаҭоуп", — иҳәеит Аӡынба.

© Илона Хварцкияскачки на Кубок Президента Абхазии
1/2
скачки на Кубок Президента Абхазии
© Илона Хварцкияскачки на Кубок Президента Абхазии
2/2
скачки на Кубок Президента Абхазии
1/2
скачки на Кубок Президента Абхазии
2/2
скачки на Кубок Президента Абхазии

Гагра араион ахадара аԥхьахә азы аиндаҭлараан (1600м) раԥхьа афиништә цәаҳәа иахысит аҽыҩ Гаврил (изхатәу – Константин Ԥлиа, аҽыҩҷкәын Витали Агрба). Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аилак аԥхьахә азы аиндаҭлараан (1800м) аиааира агеит Алхас Аԥҳазаа иҽыҩ, аҽыҩҷкәын Оскар Ҭраԥшь.

Адиаспора Рыхраҿазы аҽырыҩраҟны (2000м) аиааира агеит Алхас Аԥҳазаа иҽыҩ Реликвиа, аҽыҩҷкәын Оскар Ҭраԥшь. Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Харлам Симониа иаԥхьахә азы аицлабрақәа раан (3200м) аиааира агеит Беслан Аԥҳазаа иҽыҩ Биути Лав, аҽыҩҷкәын Михаил Семечкин.

Арбагатә қәгыларақәа раан идырбан аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа, абҵы аршәра, аҽымпыл ахәмарра.

Арҭ рҩызцәа аҽырыҩрақәа Аԥсны ԥхьаҟагьы аҽылатә спорт аганахьала имҩаԥысраны иҟоу атурнирқәа ихымԥаданы ирылагалахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0