Германиа Абундестаг адепутатцәа Ҟрым иаҭаарц ргәы иҭоуп

© Sputnik / Игорь Руссак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПраздничные мероприятия в честь воссоединения Крыма и Севастополя с Россией. Архивное фото.
Праздничные мероприятия в честь воссоединения Крыма и Севастополя с Россией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциатәи рколлегацәа инарышьҭагыланы италиатәии егьырҭ европатәи тәылақәак рполитикцәеи Ҟрым иаҭаар рҭахуп.

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik. Германиа Абундестаг адепутатцәагьы франциатәи рколлегацәа реиԥш ирыгәҭакуп адгьылбжьаха Ҟрым иаҭаарц ҳәа адырра ҟаиҵеит Абундестаг адепутат Александр Нои.

"Франциатәи апарламентарицәа Ҟрымҟа рнеира сара ииашоуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Ажәлар ралхыҩцәақәак рыҳасабала дара ируалԥшьаны иҟан Франциа аофициалтә напхгаратә мчрақәа иара убасгьы афранцыз уаажәларра иҟоу шыҟоу баны рзеиҭаҳәара. Ари ииашоу, узхьыԥшышы ӡбароуп. Германиа, «Левая партия» егьырҭ апартиақәеи иареи аполитика аганахьала рзнеишьақәа еиуеиԥшым, убри азы Ҟрым иҟоу шыҟоу абара ҳара ҳзы акраҵанакуеит", — иҳәеит Нои.

Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациатә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Климов иазгәеиҭеит Ҟрым аҭааразы европатәи атәылақәа рдепутатцәа рзыҳәа иахәаԥшраны ишыҟоу 15-19 цәыббра рзы Монголиа имҩаԥысраны иҟоу ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиаҟны.

Уаанӡатәи адырраҭарақәа инарықәыршәаныҞрымҟа иаараны иҟоуп италиатәи апарламент адепутатцәа ргәыԥ (апартиа "Пять звезд"), италиатәи апартиа "Лига Севера" аҟынтәи асенатор, егьырҭ европатәи аполитикцәа.

Ҟрым Урыстәыла иазыхынҳәит 2014 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥысыз ареферендум ашьҭахь. Ареферендум аҟны бжьеиҳала иадгылеит адгьылбжьаха Урыстәыла аҵакра. Ажәлар реиҳараҩык иазхарымҵеит Украина аҭыԥ змаз алигитимтә мчра ахҳәара. Москва инаҵшьны иазгәарҭоит Ҟрым Урыстәылатәи Афедерациа алалареи ареферендум амҩаԥгареи адунеижәларбжьаратә зини ООН Аԥҟаԥҵәеи ирықәшәон ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0