"Роснефть" апрезидент Урыстәыла абылтәы еиԥҟьар алшоит ҳәа азиԥхьаӡоит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Роснефть" готова инвестировать в сельское хозяйство Абхазии
Роснефть готова инвестировать в сельское хозяйство Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Роснефть" апрезидент Игор Сечин Владимир Путин ашәҟәы изиҩит. Ашәҟәаҟны аҳәара ҟаиҵоит анефҭ аус адызуло рзы азин ҷыда цҵақәа аԥҵахарц азы.

АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. "Роснефть" апрезидент Игор Сечин Урыстәыла абылтәы еиԥҟьар алшоит ҳәа азиԥхьаӡоит, анефҭ аус адызуло азин ҷыда цҵақәа рмоур. Абри атәы аҩуеит агазеҭ РБК-daily ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

Ԥхынгәы 15 рзы Владимир Путин изышьҭу ашәҟәы аҟны иазгәаҭоуп азин ҷыда ҿыцқәа алагаламхар Урыстәыла аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҟны 2017 шықәса рзы абылтәы адефицит иартәар алшоит 5 миллион тонна рҟынӡа. Иара убри аамҭазы иахьазы иҟоу аҭахра ахышәа-ҵышәа ԥсахра амҭакәа. Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьахь ицәырнагар алшоит анефҭҵхратә еилак дуқәа реиҭарҿыцра апроектқәа инагӡаӡаны раангылареи мамзаргьы шьшьылаҳарала русуреи.

Аусхк азы иҟалар зылшо аҵоурамрақәа аԥызхуа харҭәаарақәаны Сеченов иазиԥхьаӡоит азин ҷыда ҿыцқәа – аиҭарҿыцразы апроектқәа рынагӡара иаҿу аилакқәа рпроектқәа рахь арԥсахратә инвистициақәа рзы апроцентқәа асубсидиа рзура. Сечин инаҵшьны иазгәеиҭоит аиҭарҿыцра апрограмма ду амҩаԥгара иаҿу "Роснефть" ауп ҳәа.иара убасгьы "Роснефть" ахада аҳәара ҟаиҵоит арҭ рҩызцәа аилакқәа рзы аихамҩатә тарифқәа аиндексациа рзура мап ацәкызарц. Убри аан иазгәаҭам анефҭ зҭоу аидарамҩаԥгарақәа ртарифқәа рымацара ракәу ракәму изызку.

Аусхк иара убасгьы ацхыраара анаҭар алшоит аусдулара ахьымҩаԥырго аҵаулара инадҳәаланы анефҭаалыҵ аекспорттә баџьқәа рганахьала ашәахтәқәа аамҭалатәи раанкылара, мамзаргьы абылтәы акласс иаҿырԥшны урҭ абаџьқәа адифферинциациа рзура. Иара убасгьы ажәалагала ҟаиҵоит анефҭи агази рыҵхразы алицензиа ҿыцқәа рыҭазарц, иҵырхуа аӡа урыстәылатәи азауадқәа рҟны аус рыдуланы аҩныҵҟатәи аџьармыкьахь инарышьҭуазар. Атоп-мениџьер иара убасгьы иазиԥхьаӡоит автомобилтә былтәы еиуеиԥшым аклассқәа рзы акцизтә зыԥҵәақәа рыбжьара адифферинциал аизырҳара аҭахуп ҳәа.

Сечин аҳәара иуеит арҭ ажәалагалақәа изаамҭанытәиу апрезидентә комиссиаҟны иахәаԥшырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0