АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik, Наала Аҩӡыҧҳа. 2016 шықәсазы ареспубликаҟны имҩаҧысраны иҟоуп ақыҭанхамҩатә шәҟәанҵара. Иара ианыҧшуеит атәылаҟны иҟоу анхамҩақәа рҟынтәи адыррақәа — иҳәеит Аҧыза-министр ахашаҽны, Аминистрцәа реилазаараҟны имҩаҧысуаз аилатәараҟны.
Аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа аиҳабы Кама Гогьиаҧҳа лажәақәа рыла, аҽазыҟаҵаратә аамҭа 15-мзы рҟынӡа инеиуеит. Уи ауп аамҭа рацәа зқәырӡхо, аҧарагьы рацәаны изго. Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла ашәҟәанҵаразы аҽазыҟаҵараан иныхтәхоит 16,5 миллион мааҭ, иара ашәҟәанҵара ахаҭазы – 5,5 миллион мааҭ.
Артур Амқәаб иазгәеиҭеит, еизырго адыррақәа шьаҭаны ишырзыҟало ақыҭанхамҩа аарыхцәеи аҳәынҭқарреи реинырразы астратегиатә усдҵақәа аус рыдулара.