Ахьӡ-аԥша апарк аҟны афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Sputnik Илона ХварцкияФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьа ианалага аахыс 23 шықәса аҵра инадҳәаланы атәыла аиҳабыра, ареспублика ауаажәларра, ақалақь ауааԥсыра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵарц инеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны игылоу афырхацәа рбаҟахьы.

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба, Апарламент аиҳабы Валерии Бганба, аԥыза-министр Артур Амқәаб, Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц инеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны игылоу абаҟахьы.

Аԥыза-министр Артур Амқәаб инаҵшьны иазгәеиҭеит нанҳәа 14 аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иамшуп уҳәар ауеит ҳәа.

"Ари илахьеиқәҵагоу амш сара иазысҳәар сылшоит аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларагьы иамшуп ҳәа. Ажәлар ирылдыршаз иаартны иунарбоит ахатәы ҳәынҭқарра амазааразы ҳажәлар аӡәгьы иҿаԥхьа ишхьамҵуа, рдоуҳа шдуу", — иҳәеит Амқәаб.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит иҭахаз ргәалашәара ахааназ ишмыӡуа.

Рамаз Џьапуа. - Sputnik Аҧсны
Рамаз Џьапуа: Аибашьра сара сзы нанҳәа 12 рзы иалагеит

"Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟам иаҳцәӡыз. Урҭ рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы рықәырҵеит. Рҭаацәарақәа рҿаԥхьа схырхәоит, рыхшара агәабзиареи аманшәалареи рзеиӷьасшьоит", — иҳәеит Амқәаб.

Атәыла аиҳабыра, ареспублика ауаажәларра, ақалақь ауааԥсыра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵарц инеит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны игылоу абаҟахьы.

1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа, аихамҩа ахьчара ахьыӡҵаны, Аԥсны иалалеит. Аоперациа иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа ар, 60 цыра абронетехника, артиллериа.

© Sputnik Илона ХварцкияВозложение в Парке Славы,
1/3
Возложение в Парке Славы,
© Sputnik Илона ХварцкияФото с места события.
2/3
Фото с места события.
© Sputnik Илона ХварцкияФото с места события.
3/3
Фото с места события.
1/3
Возложение в Парке Славы,
2/3
Фото с места события.
3/3
Фото с места события.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0